Даур Ақаҩба Приднестровтәи Молдавтәи Ареспублика Апрезидент диҧылеит

© Фото : МИД АбхазииДаур Ақаҩба Приднестровтәи Молдавтәи Ареспублика Апрезидент диҧылеит
Даур Ақаҩба Приднестровтәи Молдавтәи Ареспублика Апрезидент диҧылеит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҧсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩба Приднестровтәи Молдавтәи Ареспублика ахь иусуратә ныҟәара аҳәаақәа ирҭагӡаны атәыла Ахада иҧылара мҩаҧысит.

АҞӘА, рашәара 29– Sputnik. Аҧсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Приднестровтәи Молдавтәи Ареспублика ахь иусуратә ныҟәара аҳәаақәа ирҭагӡаны, Приднестровтәи Молдавтәи Ареспублика Апрезидент Вадим Красносельскии иареи реиҧылара мҩаҧысит. Абри атәы аанацҳаит Аҧсны адәныҟатәи аусқәа рминистрра аинформациа-аналитикатә Департамент.

Аиԥылара иалахәын Приднестровье иҟоу Аԥсны анапхгара рхаҭарнак Александр Ватаман, Приднестровтәи Молдавтәи Ареспублика Адәныҟатәи аусқәа рминистр Витали Игнатьев, анапынҵа ҷыдақәа змоу Ацҳаражәҳәаҩ Руслан Слободениук.

“Ҳажәларқәа еидызкыло даара ирацәоуп – аҭоурых, ҧхьаҟатәи аҧеиҧш лаша аҽазышәара, еиҧшу ахықәкқәа”, —ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит Даур Ақаҩба аиԥылараан.

Аҧсны адәныҟатәи аусқәа рминистр иажәқәа рыла, Приднестровтәи Молдавтәи Ареспубликеи Аҧсны Аҳәынҭқарри рыбжьара аусеицуреи аиҩызареи рзы Аиқәшаҳаҭра ирҿыцу апроект аиқәыршәареи, иара убас, еиуеиҧшым ахырхарҭақәа рыла аусеицуреи аимадареи рырҕәҕәара иадҳәалоу азҵаара аус рыдулара мҩаҧысуеит.

Даур Ақаҩба Приднестровтәи Молдавтәи Ареспублика Апрезидент Вадим Красносельски Аҧсны Ахада Рауль Ҳаџьымба иҟынтәи Аҧсны аҭааразы ааҧхьара ииҭеит.

Иара убасгьы Аҧсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Приднестровтәи Молдавтәи Ареспубликаҿы иҟазаараан Приднестровтәи Молдавтәи Ареспублика адәныҟатәи аусқәа рминистр Витали Игнатиеви иареи реиҧылара мҩаҧысит.

Витали Игнатиеев Аҧсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Приднестровтәи Молдавтәи Ареспублика адәныҟатәи аусқәа Рминистрра 25-шықәса ахыҵра азгәаҭара аламҭалазы Аҧснытәи аделегациа аара ахьалыршахаз азы ҭабуп ҳәа еиҳәеит.

“Атәыла адәныҟатәи аусқәа рхылаҧшырҭеи иааизакны аҳәынҭқарреи рзы ари ахҭыс аҵак ду аҵаны иаанхоит. Аиашьаратә республика Аҧсны аҟынтәи аделегациа иахьа ҳара сасцәаны иахьаҳҭоу даара гәахәара дула иҳадаҳкылоит”, — ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит Витали Игнатиев.

Аҧсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩба “Хаҭала сара сзы Приднестровтәи Молдавтәи Ареспублика – баша ахсаала иану тәылак акәны иҟаӡам. Тирасполи ари атәылеи сара сгәалашәарақәа рацәаны иадҳәалоуп, ара ирацәаҩны сҩызцәа нхоит. Шәтәыла адәныҟатәи аусқәа Рминистрра аиубилеитә рыцхә азгәаҭара аламҭалазы ҳара ара ҳахьыҟоу, ари ахҭыс азгәаҭара иацу агәырҕьара шәыцеиҩаҳшартә еиҧш алшара ахьҳамоу, даара агәырҕьара ду ҳзацуп”, —ҳәа иҳәеит.

Аиҧылара аҳәаақәа ирҭагӡаны, аҩганктәи аизыҟазаашьақәа ирыдҳәалоу хыҧхьаӡара рацәала азҵаарақәа ирылацәажәеит. Урҭ рахьынтә ааигәа знапаҵыҩра мҩаҧысраны иҟоу Приднестровтәи Молдавтәи Ареспубликеи Аҧсны Аҳәынҭқарри рыбжьара аусеицуреи аиҩызареи рзы Аиқәшаҳаҭра ирҿыцу апроект аиқәыршәареи, иара убас, еиуеиҧшым ахырхарҭақәа рыла ахылаҧшырҭабжьаратәи аусеицуреи аимадареи рырҕәҕәара иадҳәалоу азҵаара ҷыдала иазааҭгылеит.

Аиҧылара рхы аладырхәит иара убас Приднестровтәи Молдавтәи Ареспублика иҟоу аҷыдалкаатә зинмчы змоу Аҧсны Ахаҭарнак Александр Ватамани Аҧсны адәныҟатәи аусқәа рминистр ицхырааҩ Иракли Ҭыжәбеи.

Иара убас, аиҧылара аҿы аиашьаратә республикақәа рыбжьара ахәаахәҭра-економикатә усеицура аҳәаақәа рырҭбаара амеханизмқәа рзы агәаанагарақәа еибырҳәеит. Витали Игнатиев Аҧсны ахаҭарнакцәа ҳазҭоу ашықәс, ҧхынгәы 6-8 рзы Тирасполь ақалақь аҿы имҩаҧысраны иҟоу жәларбжьаратәи аекономикатә форум ахь ааҧхьара риҭеит.

Приднестровтәи Молдавтәи Ареспублика адәныҟатәи аусқәа рминистр Витали Игнатиев иара убас, аҧснытәи иколлегацәа Приднестровтәи Ареспубликеи Молдавтәи Ареспубликеи рыбжьара имҩаҧысуа аиҿцәажәаратә процесс ала иҟоу аҭагылазаашьа азы адырра риҭеит. Витали Игнатиев иажәақәа рыла, молдавиатәи аган Приднестровтәи Молдавтәи Ареспублика аганахьала ганктәи азакәанмчы аркьаҿра иазырхоу аусмҩаҧгатәқәа ртактика шымҩаҧнагац имҩаҧнагоит.

Архивтә фото. - Sputnik Аҧсны
Аушьҭра-гәаҭаратә пункт “Ҧсоу” аҿы авизақәа рыҭаразы апункт аартуп

Аиҧылара ахыркәшамҭаз, еиуеиҧшым ахырхарҭақәа рыла аҩганк русеицура арҕәҕәара азы аилацәажәара аҿы ишьҭыхыз азҵаарақәеи иҟаҵаз ажәалагалақәеи ранализ амҩаҧгара азы еиқәшаҳаҭхеит.

Аҧсны Аҳәынҭқарра аделегациа Приднестровтәи Молдавтәи Ареспублика ахь аусуратә ҭаара аҳәаақәа ирҭагӡаны, Приднестровтәи Ареспублика адәныҟатәи аусқәа Рминистрра 25 шықәса ахыҵра арыцхә азгәаҭара иадҳәаланы зымҩаҧгара азҧхьагәаҭоу иарбоу ахылаҧшырҭа аколлегиа инарҭбаау аҳасабырбатә еилатәара ахы аланархәуеит.

Ажәабжьқәа зегьы
0