Ҳаџьымбеи Суркови Аҟәа еиԥылеит

© Sputnik / Томас ТхайцукҲаџьымбеи Суркови Аҟәа еиԥылеит
Ҳаџьымбеи Суркови Аҟәа еиԥылеит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ҩ-ганктәи аусеицура азҵаарақәа ирылацәажәоит Аҟәа зеиԥылара хацырку Аԥсны Ахада Рауль Ҳаџьымбеи Урыстәыла Ахада ицхырааҩ Владислав Суркови.

АҞӘА, ԥхынгәы 3 – Sputnik, Роберт Џьопуа. Ҩ-ганктәи аусеицура азҵаарақәа ирылацәажәоит Аҟәа, Аԥсны Ахада Иусбарҭаҟны зеиԥылара хацырку Аԥсны Ахада Рауль Ҳаџьымбеи Урыстәыла Ахада ицхырааҩ Владислав Суркови. Абри атәы ааицҳауеит Sputnik акорреспондент аҭыԥ аҟынтәи.

"Ҭабуп иҟашәҵо адкылара ԥхазы. Исҭахуп ҳусеицура атәы ҳалацәажәарц. Сгәы иаанагом ҳҿаԥхьа апроблемақәа рацәаны ишьҭоуп ҳәа. Аекономикатәи аполитикатә усеицура аганахь ала ҳаинырра маншәалоуп. Ахырхарҭақәа зегьы рҟны планла ишарбоу еиԥш аус аауеит", — иҳәеит Сурков.

Рауль Ҳаџьымба иакәзар ҳтәылақәа русеицура аманшәалара амоуп ҳәа азгәеиҭеит.

"Ахырхарҭақәа зегь рҿы ҳусеицура алҵшәа амоуп. Аинвестпрограммала аусурақәа ишахәҭоу еиԥш амҩаԥысра иаҿуп. Уажәазы иаҳзаашьҭу аԥарақәа ирылдыршоит аусурақәа рылагара", — иҳәоит Ҳаџьымба.

Аиԥылара аамҭак ашьҭахь ажурналистцәа аламырхәӡакәа имҩаԥысуан. Иазыԥхьагәаҭоуп Сурков амилаҭтә библиотекеи ашкол №3 дырҭаан ибарц. Арҭ аобиектқәа рыҩбагь Аинвестициатә программа аҳәаақәа ирҭагӡаны аремонт рызууп.

Ажәабжьқәа зегьы
0