Аеколог: абгақәеи абгалаџқәеи рхыԥхьаӡара акыр ирацәахеит

CC0 / Pixabay/Der_Windsurfer / абгақәа
абгақәа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Тамшь ақыҭан ауааԥсыра абга ахьрықәлаз ахҳәаа аиҭеит ААР аекологиа Аинститут адиректор Роман Дбар.

АҞӘА, ԥхынгәы 5– Sputnik, Амра Амҷԥҳа. Аҵыхәтәантәи ажәашықәса иааубартә еиԥш ирацәахеит ауаатәыҩса рахь ицәырҵуа иалагаз абнатә ԥстәқәа. Абри атәы иҳәеит ААР аекологиа Аинститут адиректор Роман Дбар.

Иара иажәақәа рыла абга ауаа ианрықәло иҟамлац акакәым, аха асеиԥш абнатә ԥстәы ахымҩаԥгара иара аапкызар ҟалоит ҳәа агәаанагара унаҭоит.

"Аапкра узыцәшәартә иҟоу чмазароуп. Асеиԥштәи аҭагылазаашьаан хымԥада антирабикатә лаҵа ҟаҵатәуп", — иҳәеит Дбар.

Аекологиа Аинститут адиректор инаҵшьны иҳәеит абнатә ԥстәқәа ирныруа аҩнытә ԥстәқәагьы ашәарҭара шрыҵоу.

"Абга иалшоит ала ма аҽы аҩнытә ԥстәык иацҳар. Уи ауаа рзгьы ишәарҭахоит", — иҳәеит иара.

Аҵарауаҩ иҳәеит абри ачымазара аҽацәыхьчаразы аҩнытә ԥстәқәа алаҵа шрылаҵалатәу. Иалшоит абнатә ԥстәқәагьы ахәшә злоу афатә рзышьҭаҵазар. Уи ашьҭахь урҭ шәарҭахаӡом.

Иара убри аан иазгәеиҭеит асеиԥш иҟоу ауснагӡатәқәа ахарџь зҭаху ракәны ишыҟоу, аха иҟоу аҭагылазаашьа иаҿырԥшны иуҳәозар ауааԥсыра рыхьчаразы иахәҭаны иҟоуп ҳәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0