Волгоград ахада: Аԥсны аԥсабареи асасдкылареи ухырхуеит

© Sputnik Томас Тхайцук / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАрхивтә фото
Архивтә фото - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Волгоград ақалақь ахада Андреи Косолапов Аԥсныҟа акоманда "Родина" дацны Аԥсны уаанӡатәи Ахада, Аԥсны абаскетбол азы Афедерациа актәи Апрезидент Сергеи Багаԥшь игәалашәара иазку VII Жәларбжьаратәи атурнир алахәразы дааит.

АҞӘА, ԥхынгәы 7– Sputnik, Роберт Џьопуа. Аԥсны аԥсабареи асасдкылареи ухырхуеит, иҳәеит арадио Sputnik аинтервиу азҭаз Волгоград ақалақь ахада Андреи Косолапов.

"Аԥсуаа рысасдкылашьа еснагь иаадыруан. Уи ухнахуеит. Аԥсабара аԥшӡара аума. Атурнир аиҿкаашьа аума — зегьы ссируп. Уи адагьы ара ҳаиԥылеит жәытәаахыстәи ҳҩызцәеи ҳареи", — ҳәа азгәеиҭеит Косолапов.

Иара еиҭеиҳәеит Волгоградтәи акоманда изныкымкәа Аԥсны уаанӡатәи Ахада, Аԥсны абаскетбол азы Афедерациа актәи Апрезидент Сергеи Багаԥшь игәалашәара иазку атурнирқәа ишрылахәхахьоу. Ԥшьынтә аиааирақәа шыргахьоу.

Иара убасгьы иҳәеит изныкымкәа Аҟәа амер Адгәыр Ҳаразиа дшиԥылахьоу.

"Ҩышықәса раԥхьа ҳнапы аҵааҩит Аҟәеи Волгогради рыбжьара апартниорразы Аиқәшаҳаҭра. Арахь иаҵанакуеит акультура, аҵарадырра, атуризм, аҟазара, аспорт аусхкқәа рҟны аусеицура. Ҳара еснагь Аԥснытәи ҳҩызцәа, ҳколлегацәа ҳарзыԥшуп", — иҳәеит иара.

Аԥсны уаанӡатәи Ахада, Аԥсны абаскетбол азы Афедерациа актәи Апрезидент Сергеи Багаԥшь игәалашәара иазку VII Жәларбжьаратәи атурнир аҟны Волгоградтәи акоманда аԥшьбатәи аҭыԥ ааннакылеит.

Ажәабжьқәа зегьы
0