Атуристцәа ирықәлаз рганахь ала аинформациазы аԥаратә шәара мҩаԥгахоит

© Sputnik / Владимир Трефилов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАԥарақәа
Аԥарақәа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Урыстәылатәи атуристцәа ирықәлеит ԥхынгәы 11 асааҭ 12.20 рзы Гәдоуҭа араион Приморское ақыҭан.

АҞӘА, ԥхынгәы 12 — Sputnik. Атуристцәа ирықәлаз рганахь ала аинформациазы миллион мааҭ аԥаратә шәара мҩаԥгахоит ҳәа аанацҳауеит Аԥсуа телехәаԥшра, ареспублика ААР адыррақәа шьаҭас иҟаҵаны.

Аимадаратә ҭелқәа: +7 (840) 226-41-41; +7 (840) 245-70-02

Арратә верталиот урыстәылатәи атуристцәа иахьрықәлаз аҭыԥ иахаԥыруеит - Sputnik Аҧсны
Арратә верталиот урыстәылатәи атуристцәа иахьрықәлаз аҭыԥ иахаԥыруеит

Аԥсны Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Аслан Кобахьиа хаҭала напхгара аиҭоит ацәгьоуцәа раанкылараз имҩаԥырго аоперациа. Ҩ-километрак иахьаҵанакуа аҭыԥ иакәшоуп.

Аҳәынҭқарратә прокуратура адыррақәа рыла Урыстәылатәи атуристцәа ирықәлеит ԥхынгәы 11 асааҭ 12.20 рзы Гәдоуҭа араион Приморское ақыҭан.

Ацәгьоура ҟалеит амшын аԥшаҳәаҿы. Макьаназ зхаҭара шьақәыргылам ҩыџьа ауаа асабардақәа рҿаҵаны, абџьари аҳәызбеи рхархәарала атуристцәа ирықәлеит. Ақәылараан Кабанов Андреи Николаи-иԥа 1984 шықәса рзы ииз игәышԥахьы ҩынтә аҳәызба иларҵеит. Кабанов иоуз ахәрақәа ирыхҟьаны иԥсҭазаара далҵит", — ҳәа аҳәоит асаит адырраҭараҟны.

Ацәгьоуцәа ирӷьычит иара убасгьы Кабанова Наталиеи уи ҩыџьа лхәыҷқәа – 2006 шықәсеи 2015 шықәсеи рзы иизи иара убасгьы Чижикова Наталиеи уи лхәыҷқәа ҩыџьеи, 2002 шықәсеи 2007 шықәсеи рзы иизи. Аоперативтә уснагӡатәқәа ирылыршаны ирӷьычыз ауаа рхы иақәиҭтәын.

Ацәгьоура ҟазҵаз ауаа рыԥшаареи рышьақәыргылареи рзы Гәдоуҭа араион апрокуратура аусурақәа ирҿуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0