00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
08:00
31 мин
08:30
31 мин
13:00
31 мин
13:30
31 мин
Исторический ликбез
14:04
22 мин
Ажәабжьқәа
Ихадоу атемақәа
18:06
10 мин
18:30
30 мин
21:00
30 мин
21:30
30 мин
On air
08:00
31 мин
On air
08:30
31 мин
On air
13:00
31 мин
On air
13:30
31 мин
On air
18:00
30 мин
On air
18:30
30 мин
On air
21:00
30 мин
On air
21:30
30 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7

Дбар: Урыстәылаҟа залагалара ҟамло амимоза Аԥсны ииуа амимоза хкы акәӡам

© Sputnik / Томас ТхайцукАмимоза
Амимоза - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Урыстәылатәи Афедерациаҟны хылаԥшра зҭахны ишьоу анаркотикатәи аԥсихотроптәи маҭәашьарқәеи урҭ рпрекурсорқәеи рсиа иацҵоуп аԥсихоактивтә маҭәашьар ҿыцқәа рыла.

АҞӘА, ԥхынгәы 17 – Sputnik, Сариа Кәарацхьелиаԥҳа. Ԥхынгәы 15 рзы Урыстәылатәи Афедерациа Аиҳабыра атәыла алагалараз ззин ыҟам ҳәа ишьақәдыргылаз аҵиаа "мимоза хостилис" Аԥсны аҵакырадгьыл аҟны ииуа амимозахк акәӡам, ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит Аԥсны анаукақәа Ракадемиа аекологиа Аинститут адиректор Роман Дбар.

Аҵарауаҩ иажәақәа рыла Аԥсны ииуа амимозашәҭ аҽа хкуп изҵазкуа.

"Ҳара ҳҿы ииуа амимоза – акациа dealbata ахьӡуп. Акациа dealbata ԥсадгьылс иамоуп Австралиа. "Мимоза хостилис" – акәзар Аладатәи Америкоуп иахьиуа", — иҳәеит Роман Дбар.

Иара убасгьы иазгәеиҭеит Аԥснытәи амимоза аҭираан иарбанызаалак проблема ыҟаӡам ҳәа.

Аҳәынҭқарратә программа "Изакәанымкәа анаркотикатә маҭәашьарқәа реикәыршара" анагӡара аҳәаақәа ирҭакны Урыстәылатәи Афедерациаҟны хылаԥшра зҭахны ишьоу анаркотикатәи аԥсихотроптәи маҭәашьарқәеи урҭ рпрекурсорқәеи рсиа иацҵан аԥсихоактивтә маҭәашьар ҿыцқәа рыла. Асиахь иаҵаркын аҵиаа "Мимоза хостилисгьы".

Ажәабжьқәа зегьы
0