АҞӘА, ԥхынгәы 25 – Sputnik, Роберт Џьопуа. Аԥсуа культура, ақьабызқәа, аҵасқәа рыхәылԥаз мҩаԥган Ниу-Иорк. Абри атәы Sputnik иазаалыцҳаит Аԥсны Ахәаахәҭра-Ааглыхратә палата ахаҭарнак Лана Басариаԥҳа.
"Ахәылԥаз азкын Аԥсны Абираҟ амш. Иара еиҿкаан америкатәи АИХ-қәеи ажурналистцәеи рзы. Дара аинтерес ҵаула аадырԥшит ҳтәыла аганахь ала", ҳәа еиҭалҳәоит Басариаԥҳа.
Аԥсны Ахәаахәҭра-Ааглыхратә палата ахаҭарнак Лана Басариаԥҳа лажәақәа рыла, асасцәа идырбан Аԥсны иазку афильм.
"Ниу-Иорк инхо ҳџьынџьуаҩ Лариса Аҩӡыԥҳа аԥсуа ашәақәа ҩба ҳзылҳәеит. Асасцәа гәахәарыла ирыдыркылеит ҳаԥсуа бызшәа. Дара рзы уи ҿыцбарахын", — лҳәоит лара.
Лара иара убасгьы иазгәалҭеит, ацхыраара шрырҭаз Ниу-Джерси инхо ачерқьесцәа Рассоциациа.
"Ахәылԥаз ахь аԥсуа кәашара анагӡаразы ансамбль ааҳаԥхьеит. Америка аԥсуа кәашара уаанӡа ирымбацызт. Иара убасгьы иӡырган акьыԥхьтә аалыҵ – Аԥсны аӡбахәи аԥшӡареи уеилзыркаауаз", ҳәа азгәалҭеит Басариаԥҳа.
Иара убасгьы ахәылԥаз асасцәа ргьама рбеит аԥсуа чысхкқәа: аџьынџьыхә, ачашә, аҩы, ашә рҩа. Ажурналистцәа ракәзар рызҵаара акын: Аԥснынӡа ушԥанеиуеи, уаҟа хымԥада узҭаар ахәҭои.