Беслан Аршба иганахь ала ирыдкылаз ашьаус еиҭархынҳәуп

CC0 / / Архивтә фотосахьа
Архивтә фотосахьа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ареспублика Иреиҳаӡоу аӡбарҭа аӡбрала Беслан Аршба иганахь ала ирыдкылаз ашьаус еиҭархынҳәуп Очамчыратәи араионтә ӡбарҭахь аиҭахәаԥшразы.

АҞӘА, ԥхынгәы 25 – Sputnik. Аҧсны Аҳәынҭқарра Иреиҳаӡоу Аӡбарҭа Гал араион ҧыхьатәи ахада Беслан Аршба иганахьала лаҵара 4 2017 шықәса азы Очамчыратәи араионтә ӡбарҭа иаднакылаз ариашаратә шьауӷақәҵара аԥнахит. Абри азы адырра ҟанаҵеит Аҧсны Иреиҳаӡоу Аӡбарҭа апресс-маҵзура.

"Иарбоу ашьауӷа аԥыхра мзызны иамоуп Аԥсны Апрокуратура Хада акассациатә шәҟәы. Иараҿы Беслан Аршба иганахь ала Очамчыратәи араионтә ӡбарҭа ахарадҵаратә шьауӷақәҵара азы ахарадҵаратә ган аусеилыргаразы иаднагалаз арҵабыргыгақәа азхом, апроцессуалтә нормақәа еилаган ҳәа алкаа ҟаҵоуп", аҳәоит адырраҟны.

Ахарадҵаратә ган иҟанаҵо азгәаҭарақәа рыла, Беслан Аршба, Гал араион ахада имаҵураҭыҧ анааникылоз аамҭа иалагӡаны, изинмчы аиҳатәра ихы иархәаны, зинда Аҧсны Аҳәынҭқарра атәылауаҩшәҟәы аиуразы аусшәҟәқәа рыдкылара иазырхаз акомиссиа аҧиҵеит. Иарбоу акомиссиа изакәаным аусура иалҵшәаны, "Аҧсны атәылауаҩра азы" Аҧсны Аҳәынҭқарра Азакәан аилагарала, Қырҭтәыла атәылауаҩра змоу ауаа Аҧсны атәылауашәҟәқәа рыҭара алыршахеит. Иарбоу аусмҩаԥгатәқәа рыла, Беслан Аршба Азакәан ахьчара аҵаҟа иҟоу аҳәынҭқарреи ауаажәлари ринтересқәа ӷәӷәала еилеигеит.

Апрокуратура Хада Иреиҳаӡоу Аӡбарҭахь идәықәнаҵаз арзаҳал аҿы Беслан Аршба иганахьала ирыдыркылаз ариашаратә шьуӷақәҵара аанкылареи, иарбоу аус ала аиҭаӡбаратә усбара ахацыркреи рзы ажәалагала ҟанаҵоит.

Ашьаусмҩаԥгаратә закәани Иреиҳаӡоу аӡбарҭа аӡбреи инарықәыршәаны, аус Очамчыратәи араионтә ӡбарҭахь инашьҭуп, аӡбаҩцәа реилазаара ԥсахны аиҭахәаԥшразы.

Беслан Аршба иқәшәар алшоит аштраф 30 000 мааҭ инаркны 150 000 мааҭ рҟынӡа мамзаргьы ҭакрыла 3 шықәса инаркны 7 шықәса рҟынӡа ахгара.

Ажәабжьқәа зегьы
0