ЕАШ асенаторцәа Урыстәыла аганахь ала асанкциақәа рзы рыбжьы рҭиит

© REUTERS/Jim BourgЕАШ асенаторцәа Урыстәыла аганахь ала асанкциақәа рзы рыбжьы рҭиит
ЕАШ асенаторцәа Урыстәыла аганахь ала асанкциақәа рзы рыбжьы рҭиит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Владимир Путин иазгәеиҭеит ЕАШ (США) асанкциа ҿыцқәа рҭак азакәан апроект аҵыхәтәантәи аредакциа ишадҳәалахо.

АҞӘА, ԥхынгәы 28 – Sputnik. Урыстәыла, Иран, КНДР рганахь ала асанкциақәа рыдкыларазы азакәан адкыларазы рыбжьы рҭиит ЕАШ асенаторцәа 100-ҩык рҟынтәи 98-ҩык. Ҩыџьа абри иаҿагылеит ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.

Уаанӡа, мчыбжьык аԥхьа, ЕАШ аконгресс ахаҭарнакцәа бжьеиҳала ирыдыркылахьан абри адокумент.

Уажәы азакәан нашьҭхоит атәыла Ахада Дональд Трамп иахь анапаҵаҩразы. Атәыла Ахада имоуп алшара ари адокумент авето ақәҵара.

Авето аԥыхразы аконгресс аҿы ирҭаххоит 2/3 бжьы палата-цыԥхьаӡа. Уи, имҩаԥысхьоу абжьыҭирақәа рышьҭахь иҟалар алшоит.

Адокумент амчра аиур 2014 шықәса раахыс реиҳа инарҭбаау ԥкыратә пакетны иҟалар алшоит.урыстәылатәи аекономика аганахь ала азакәан апроект иарҭбаауеит асанкциақәа. Хаҭала иаркьаҿуеит ЕАШ асанкциақәа ирыҵаркуа урыстәылатәи абанкқәа рԥаразоужьра 14 мшы рҟынӡа, анефҭи агази рсектор иаҵанакуа абанкқәа рԥаразоужьра – 60 мшы рҟынӡа (уажәы урҭ 30 мши 90 мши инаӡоит).

Иара убасгьы уажәтәи асанкциақәа ирыҵаркуеит апроект ҿыцқәа еиуеиԥшым ахырхарҭақәа рыла.

Азакәан апроект иара убасгьы иазыԥхьагәанаҭоит ЕАШ Ахада урыстәылатәи аекспорт трубамҩангагақәа рыргылара шықәсык аҩныҵҟа 5 миллион доллар мамзаргьы аамҭакла миллион доллар алазгаларц зҭаху ахаҿқәа рганахь ала асанкциақәа идикылар ауеит ҳәа.

Убри аан адокумент аҟны иалкаан иарбоуп ЕАШ агазмҩангага "Северный поток-2" аргылара ишаҿагылац иаҿагылоит ҳәа.

Евроеидгылаҿы азакәан "Вашингтони аганахьмацаралатәи усуп" ҳәа ахырҳәааит, Вашингтон ахымҩаԥгашьагьы иақәыӡбеит избанзар аркьаҿрақәа ирыҵаркуеит Урыстәыла аенергетикатә проектқәа, Европа имҩаԥнагогьы абрахь иналаҵаны. Ари адкылара иақәшаҳаҭым америкатәи аилахәыра дуқәагьы. Урҭ, азакәан рыдыркылар, ринтересқәа акыр ирԥырхагахоит.

Азакәан азырхоуп Европатәи аенергетикатә џьармыкьа анапахьы аагара, уантәи Урыстәыла алгара. Ишдыру еиԥш европатәи аенергоџьармыкьаҿ ЕАШ иаконкурент хаданы иԥхьаӡоу Урыстәылоуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0