Ибжьаӡыз атурист ишьҭаланы Аданга итәеит авертолиот

© Sputnik Владимир БегуновИбжьаӡыз атурист ишьҭаланы Аданга итәеит аверталиот
Ибжьаӡыз атурист ишьҭаланы Аданга итәеит аверталиот - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥснытәи ашьхақәа рҟны иӡыз атурист гәҭакны иман ашьхатә маршрут Ԥсҳәы, ашьхахыҵырҭа Кулиамба, Ҵабал данысырц. Атурист иԥшаара иаҿуп.

АҞӘА, ԥхынгәы 28 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Иӡыз атурист Андреи Лихачиов иԥшаара иацҵоуп Аданга иахьаҵанакуа аҭыԥқәа рҟны, иҳәеит Аԥсны Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистрра апресс-маҵзура аиҳабы Мизан Ломиа.

"Фҩык аԥшааҩцәа Адангаҟа вертолиотла инарышьҭит. Дара уа игәаҭаны иахысырц иҟоуп Аӡеиқәа, ашьхахыҵырҭа Кулиамба, Аӡгара", — иҳәеит иара.

Урыстәылатәи атурист Андреи Лихачиов гәҭакны иман ашьхатә маршрут Ԥсҳәы, Аӡеиқәа, ашьхахыҵырҭа Кулиамба, Ҵабал данысырц, нас уахьынтәи Гаграҟа дхынҳәырц.

Аҵыхәтәантәи аицәажәара рыман иани иареи ԥхынгәы 12 рзы. Ԥхынгәы 22 рзы Шәачантәи иҩныҟа дԥырраны дыҟан.

Ажәабжьқәа зегьы
0