Аԥсны урыстәылаа еиҳа изҭаауа атыԥқәа ируакуп

© Sputnik / Томас ТхайцукАфон ҿыц
Афон ҿыц - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Атуроператорцәеи Урыстәыла апакеттә турқәа ринтернет-агрегаторцәеи ишьақәдыргылеит 2017 шықәса аԥхынтәи асезон аан еиҳа ахархәара змоу атуристтә маршрутқәа.

АҞӘА, нанҳәа 2 – Sputnik, Сариа Кәарацхьелиаԥҳа. Атуроператорцәеи Урыстәыла апакеттә турқәа ринтернет-агрегаторцәеи ишьақәдыргылеит 2017 шықәса аԥхынтәи асезон аан еиҳа ахархәара змоу атуристтә маршрутқәа. Аԥсны аԥшьбатәи аҭыԥ ааннакылеит ҳәа ишьақәырӷәӷәоуп, абри атәы азгәаҭоуп Урыстәыла атуроператорцәа Рассоциациа асаит аҟны.

"Атуризм азы Аԥснытәи ахеилак" ахантәаҩы Анна Калиагина лажәақәа рыла, ԥхынгәымзазы Аԥсныҟа атуристцәа рацәаҩхеит.

"Лаҵарамзеи рашәарамзеи аԥсшьаҩцәа акыр имаҷын, аха уажәы иҭышәынтәаланы иҟоуп", — лҳәеит Калиагина.

2016 шықәса рзы Аԥсны рыԥсы ршьеит миллионки бжаки атуристцәа. 2017 шықәсазы атуристцәа рхыԥхьаӡара амаҷра аекономикатә кризис иадырҳәалоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0