Дмитри Ӷәазаа Урыстәыла Ахраҿа аԥшьбатәи аетап призиорс дҟалеит

© Sputnik Бадрак АвидзбаДмитри Ӷәазаа Урыстәыла Ахраҿа аԥшьбатәи аетап призиорс дҟалеит
Дмитри Ӷәазаа Урыстәыла Ахраҿа аԥшьбатәи аетап призиорс дҟалеит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Урыстәыла Ахраҿа Mitjet 2L – 2017 аԥшьбатәи аетап хыркәшахеит Казантәи автодром Kazan Ring аҟны, нанҳәа 12 рзы. Уи амҩаԥысшьа атәы Sputnik иазеиҭеиҳәеит аԥсуа спортсмен, акласс Mitjet – 2016 аҟны аԥыжәара згаз Дмитри Ӷәазаа.

АҞӘА, нанҳәа 14 – Sputnik, Сариа Кәарцхьиаԥҳа. Урыстәыла Ахраҿа аԥшьбатәи аетап Mitjet 2L – 2017 призиорс дҟалеит аԥсуа спортсмен Дмитри Ӷәазаа.

"Иааидкыллан сықәгылара цәгьамызт. Ҩынтә сықәгылеит. Рыҩынтәгьы аҩбатәи аҭыԥқәа згеит. Сгәы снархьуеит азыҟаҵарақәа раани аквалификациа аани еиҳа сахьыццакыз, ақәгылара аан маҷк сыццакыра ласырҟәцәеит, актәи аҭыԥгьы саҩсыжьит", ҳәа еиҭеиҳәоит Ӷәазаа.

Mitjet аԥшьетапк инарықәыршәаны Дмитри азеиԥш зшьараҿ аҩбатәи аҭыԥ ааникылоит.

"Саԥхьаҟа аҽа ԥшь-қәгыларак сзыԥшуп. Дарбанызаалак аспортсмен ихықәкы хадоу аиааироуп. Саргьы ҳәарада исхықәку уи ауп. Уи азы исылшо зегьы ҟасҵоит", — иҳәоит Дмитри.

Сынтәа Урыстәыла Ахраҿа Mitjet мҩаԥысраны иҟоуп ф-етапкны. Ҩба-ҩба: Шәача, Казань, Москва ақалақьқәа рҟны.

Шәачеи Москвеи равтодромқәа рҟны еиԥшымкәа Казантәи автодром аҿы алахәылацәа ахәаԥшцәа ишырбац ирбоит. Ахыгьыжь 12 ҵәирҭа амоуп. Атрасса ауадаҩра алахәылацәа реиндаҭлара еиҳагьы иарҵаруеит.

Урыстәыла Ахраҿа Mitjet аетапқәа фба рҟынтәи ахԥатәи хыркәшахеит ԥхынгәы 8 рзы Москва. Дмитри Ӷәазаа Урыстәыла Ахраҿа Mitjet призиорс дҟалеит.

2016 шықәса рзы Шәача имҩаԥысуаз аиндаҭлараан аҩбатәи аҭыԥ ааникылеит, араӡны Храҿа ианашьахеит.

Асериа Mitjet 2L алаҵәара амоуп Франциа, Италиа, Германиа, Урыстәыла, Америкатәи аштатқәа рҟны. Иара шьаҭаиркит афранцыз спортсмен Жан-Филипп Даиро.

Урыстәыла асериа Mitjet промоутерс иҟоуп аилахәыра Arctic Energy. Акласс MITJET 2L иатәу автомашьынақәа рымчра 260 ҽы рымчра иҟоуп, рыкапан –750 кьыла, абылтәы бак ахышәа-ҵышәа 37 литра артәоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0