Атеррористцәа Дамаск Жәларбжьаратәи ацәыргақәҵа еихсит

© Sputnik / Михаил Алаеддин / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАтеррористцәа Дамаск Жәларбжьаратәи ацәыргақәҵа еихсит
Атеррористцәа Дамаск Жәларбжьаратәи ацәыргақәҵа еихсит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Жәларбжьаратәи ааглыхратә цәыргақәҵа мҩаԥысуеит Дамаск ақалақь аҟны.

АҞӘА, нанҳәа 21 — Sputnik. Жәларбжьаратәи ааглыхратә цәыргақәҵа, Дамаск ақалақь аҟны имҩаԥысуаз атеррористцәа еихсит. Ԥшьҩык аҭааҩцәа ҭахеит, ԥшьҩык ахәрақәа роуит. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.

Жәларбжьаратәи ааглыхратә цәыргақәҵа мҩаԥысуеит Дамаск ақалақь аҟны раԥхьаӡа акәны фышықәса раахыс.

"Жәларбжьаратәи ааглыхратә цәыргақәҵа, Дамаск ақалақь аҟны имҩаԥысуаз атеррористцәа еихсит. Ԥшьҩык аҭааҩцәа ҭахеит, ԥышьҩык ахәрақәа роуит аракетатә снариадқәа ахьрылаҳаз инамаданы", — ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.

Дамасктәи Жәларбжьаратәи ааглыхратә цәыргақәҵа Шьамтәылан аибашьра ҟалаанӡа Мрагылараааигәатәи арегион аҟны иреиҳау ҳәа иԥхьаӡан. Раԥхьаӡа акәны иара мҩаԥган 1954 шықәса рзы.

Уаанӡа, Шьамтәыла ацәыргақәҵақәа рдиректор хада Фарес аль-Киртли аҳәамҭа ҟаиҵахьан ацәыргақәҵа 43 тәыла алахәхоит ҳәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0