Абахҭа ҩ-шәык анҿоу…

© Sputnik / Алексей Филиппов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраархивтә фото
архивтә фото - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Амилициа аусзуҩцәа ишрызныҟәои, даргьы ирымоу рзинқәа инархыҳәҳәаны ауаа ишакәым ала ишрызныҟоуи, абарҭ апроблемақәа рзы лгәаанагара ҳацеиҩылшеит ажурналист Елеонора Коӷониаԥҳа.

Анкьа зны СССР ахаан аинститут аҿы аҵара ҳацызҵоз арԥыск, аԥсшьара мшқәа раамҭазы амилициа аусуҩ дипҟеит. Ари шыҟалаз азы, ахьышәҭҳәа аинститут ахь адырра ҟалеит, астудент дҭаркит, аҵарагьы дҭырцеит. Иҟалап ииасхьоу аамҭа идеалтәны ахәаԥшра иашамзаргьы, аха иаҳҳәар ҳалшоит, ҳара ҳабиԥара злааӡаз асистема аамҭазы, лабҿаба азакәан иаӷрагылоз ус дшәышәуа дызцомызт ҳәа.

Абри зегь зхысҳәаауа, иахьа аамҭа — аамҭала иҳаҳауеит, амилициа аусуҩцәа ирықәлеит, амилициа аусуҩ дрыпҟеит, мамзаргьы, амилициа аусуҩцәа рзинқәа ирымаз инархыҳәҳәаны ауаа ишакәым ирызныҟәеит ҳәа. Иҳаҳауеит иара убас, амилициаа дара- дара еидыслоит ҳәа. Абри зегь мҩаԥысуеит иахьа, аибашьра еилгеижьҭеи уажәшьҭа 24 шықәса аныҵуа аамҭазы.

Ас ахьыҟало доусы ииҭахыу ахьыҟаиҵо аҳәынҭқарраҿоуп. Абахҭа ҩ-шәык анҿоу аԥхьатәи ала уҩналоит, ашьҭахьтәи ала ундәылҵуеит. Иахьа уажәраанӡа ари аҭагылазаашьа аиааира алымшеит аԥсуа ҳәынҭқарраҿы. Изаиааиуам, избанзар, ауа, аҭахы, агәыла уҳәа зегь еимадоуп, азакәан иналак-ҩалакны аус ауеит. Ҳазҭо ашықәс хәажәкыра 4 рзы Аҟәа ақалақь амилициа аусуҩцәа русҳәарҭа ахыбра иақәлеит. Иҭаркыз иҩызцәа ирышьҭаланы инеиз Ешыра ақыҭан инхо Хәарҵкиа Алхас икьарахә ҭыганы ахыбра дыҩнахысит, иҭакыз роужьразы адҵа ҟаҵо.

Асоциалтә ҳа Феисбук - Sputnik Аҧсны
Анегатив иашьцылаз

Иҭакыз аурмыжьит, "ихысуаз арԥыс аминистр даан диманы дцеит" аҳәон усҟан иҟаҵаз аофициалтә ҳәамҭа. Ашьҭахь еилкаахеит Хәарҵкиа дышҭарымкыз, ақьаадқәа ишырҳәо ала "аусҭҵаара нап аркуп" иара "ибналаз" ҳәа дыԥхьаӡаны "иԥшааразы адҵа ҟаҵоуп". Иахьа уажәраанӡагьы ари аус нагӡам. Дагьзоурышьҭызеи, иагьзишьҭоузеи?

Абас еиԥш иҟоу аҿырԥштәқәа иаҳдырбоит Аԥсны азакәан аус шамуа, ажәлар ари ирнаҭоит агәынамӡара. Ари аҿырԥштәы амилициа аусуҩцәа раҳаҭыр ланарҟәуеит, иреихсыз ауаҩы даанымкылакәа ахақәиҭра иҭоуп. Абга ахьҭам ала ҭашуам рҳәоит. Ас уоурыжьырц азы "абӷа ду" умазароуп. Ишьақәырӷәӷәам аинформациа ала, Алхас Хәарҵкиа Аԥсны ахада дигәылоуп, убри аҟынтә, азакәан "дахыԥартә" алшарагьы имоуп ҳәа угәы азҩаргьы ауеит.

Архивтә фото - Sputnik Аҧсны
Ишәарҭоу ацәгьоурақәа рцәаҳәа

2016 шықәса абҵара 10 рзы амилициа амш аназгәарҭоз зқьаф ҟазҵаз Гәдоуҭеи Афони рмилициа аусуҩцәа дара —дара еибапҟеит. Ари ажәабжь асоциалтә даҟьа Феисбук аҿоуп иахьалацәажәоз, иҳәынҭқарратәу адырраҭараҿы аӡбахә дмырзеит. Ҳазҭо ашықәс нанҳәа 5 рзы Гагра ақалақь ақьафурҭақәа руак аҿы ажәа рымазкыз арԥарцәа Мысра апост аҿы иаанкыланы ӷәӷәала ирыпҟеит Аԥсны амилициа аусуҩцәа, закәанла ус амч ахархәара азин шрымамгьы. Еснагь еиԥш, ари аус азы "аусҭҵаара нап аркуп". Ашьауӷа аус хацыркуп гәыԥҩык Аԥсны Аҩныҵҟатәи аусқәа рминстрра аусуҩцәа рганахьала.

Абас, ҳашцоз, иааҳалаҩҩит иҵоурам даҽа жәабжьк. Нанҳәа 21 рзы, 1992 шықәса рзы ииз Аҩыӡба Аинар ӷәӷәала дипҟеит Аԥсны Аҳәынҭавтоинспекциа аусуҩ Альберт Зебелиан. Ари аус ҵаҵӷәыс иамоуп автоинспеткор Зебелиан амашьынарныҟәцаҩ Аҩыӡба атехпаспорт шимамыз ашәҟәы иахьҭеигалаз. Зебелиан ахәышәтәырҭахь дыргеит, ааха ӷәӷәақәа имоуп. Ацәгьа зуз ихәҭоу дақәшәоу дақәымшәоу макьаназы аҳәара уадаҩуп, хыхь еиқәаҳаԥхьаӡаз аҿырԥштәқәа ҳрыԥшны иаҳҳәозар, абахҭа дҭаркыргьы "аҩбатәи ашә" ала аҭыҵра илшаргьы ауеит, иара убас, иҟалоит уи "ибналаны иҟоу" рсиа дахыԥхьаӡалахаргьы.

Архивтә фото - Sputnik Аҧсны
Ахалахьырхәра

Даҽа ганкахьала ухәыцыр, дызлаҭоукуазеи автоинспектор дзыпҟаз, ԥхынгәы 5 2016 шықәса Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра иақәлаз ауаа амшын аԥшаҳәаҿы ипԥшахьарсуазар?! 

R.S. нанҳәа 21 ахәылбыҽха Аҟәа амшын аԥшаҳәаҿы, асасааирҭа "Риҵа" аҿаԥхьа, "аблатноицәа" ҳәа изышьҭо аиԥылара рыман. Дара 40-ҩык рҟынӡа ыҟан. Урҭ рцәажәарақәа рныҩбыжь ала, еилукаартә иҟан Аҩыӡбеи Зебелиани рус ишазкыз. Ирыӡбаз аҳәара уадаҩуп, аха инаԥшуаз ауаа "абарҭ роуп ҳаиҳабыра" ҳәа сарказмла иҭәу ажәеидҳәалала ахә ршьеит.

Автори аредакцеи ргәаанагарақәа еиқәымшәозар ҟалоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0