Русудан Кобиакова ашоу "Асакара ашәҭ" иазкны: раԥхьаӡа акәхоит

© Sputnik / Томас ТхайцукРусудан Кобякова
Русудан Кобякова - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Амодельер Русудан Кобиаковеи асахьаҭыхыҩ -афлорист Мадина Дауҭиаԥҳаи радио Sputnik Аԥсны иазеиҭарҳәеит аколлекциа ҿыц "Асакара ашәҭ" арбара атәы. Ашоу мҩаԥгахоит нанаҳәа 24 рзы, Аҟәа.

АҞӘА, нанҳәа 22– Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Амодельер Русудан Кобиаковеи асахьаҭыхыҩ —афлорист Мадина Дауҭиеи радио Sputnik Аԥсны иазеиҭарҳәеит аколлекциа ҿыц "Асакара ашәҭ" арбара атәы. Ашоу мҩаԥгахоит нанҳәа 24 рзы, Аҟәа.

Афлористтә шоу амҩаԥгара аидеиа ҩышықәсаҟа раԥхьа исызцәырҵит ҳәа еиҭалҳәоит Русудан Кобиакова.

"Сыԥҳа хәыҷи сареи ԥсшьара ҳаҟан асакара Сахара ҳаҭаан иаабеит. Сара сзы ишанан зхыԥхьаӡара рацәамыз, аха оумашәа иԥшӡаз, ԥшшәыла ибеиаз ашәҭқәа. Урҭ ари ацәҳәыраҟны рыԥшӡашьа зынӡа аҽакын", — лҳәоит лара.

Аԥсны раԥхьатәи афлористтә шоу амҩаԥгара иара убасгьы иацхрааит афильм "Асакара ашәҭ" ҳәа еиҭалҳәоит лара.

Асахьаҭыхыҩ —афлорист Мадина Дауҭиаԥҳа еиҭалҳәеит Русудани лареи русеицура ахы шакыз афотосессиа амҩаԥгарала.

"Русудан афотосессиахь сналыԥхьеит. Убасҟан исзеиҭалҳәеит абри атема атәгьы. Иаразнакы аинтерес скит, иахьыбҭаху сбыцхраауеит ҳәагьы ласҳәеит. Акыр ҳаиԥхьхәыцрақәа рышьҭахь иҳаӡбеит адизаини афлористикеи еидаҳҳәаларц", — ҳәа еиҭалҳәоит Дауҭиаԥҳа.

Мадина Дауҭиаԥҳа илҳәеит абри аус аганахь ала аԥышәа шлымоу.

"Москва асеиԥш иҟаз ауснагӡатәқәа сыҽрыласырхәхьан. Аԥсны афлористтә шоу раԥхьаӡа акәны идырбахоит", — лҳәоит лара.

Дара ирус хаданы иршьоу аемоциақәа, ацәаныррақәа, асакара атмосфера ахәаԥшҩы иҟынӡа анагароуп.

Аколлекциа "Асакара ашәҭ" мҩаԥысраны иҟоуп нанҳәа 24 рзы. Еизгоу аԥарақәа ачымазара бааԥс змоу ахәыҷқәа рыхәышәтәра иазырхахоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0