Ашкол ҳанҭаз, аԥхын аԥсшьаразы ҳаноурыжьуаз иҳарҭон адҵа "аԥхынтәи аԥсшьара мшқәа шысхызгаз" ҳәа хьӡыс измаз ахыҭҳәаа аҩра. Ашкол салгеижьҭеи абар 37 шықәса ҵуеит, ари аҩыза ахыҭҳәаа сазымгьежьыцызт уажәада. Аха, сынтәа исгәазырԥхаз сеидроу, аусураҿы изаамҭанытәиу аԥсшьара аамҭа исымоу шысхызго атәы сҩындаз сгәахәит. Сыԥсшьара раԥхьатәи амчыбжь Гәдоуҭа араион Калдахәара ақыҭан исхызгеит, усоуп есышықәсагьы.
Ашьха иаԥну ари ақыҭа ԥшӡа ахәқәа руак аҿы игылоуп ҳара ҳаҩны. Араҟа инхоз сабхәында Гәыгәиԥа Валери аибашьраҿы дҭахеит, ҳаби ҳани аибашьра ашьҭахь рдунеи рыԥсахит. Аха, игылоуп ҳаҩны агәы камыжькәа, Аҟәа иҟоу аҭынхацәа аныгьежьуа иазыԥшны. Ақыҭаҿы уамак еиҩцамзаргьы абаҳча ҳамоуп, амандарина, ажь,аца, иара убас, араса ҳзеиҭаҳауп.
Уажәааны еиҳаракгьы расаҟәшәара сцалоит, уи аџьабаа ацзаргьы, иацуп аҭынчрагьы. Ухала, ухыи уареи шәеизынханы, арасаҭра амҵантәи аҭынчра акыр иаԥсоуп аҳҭны қалақьаҿтәи аилаҩеиласра иаҿурԥшуазар. Ақыҭа иаланхо рыԥсҭазаарахь ҳаиасуазар, шамаха зегьы Гагра ма Пицунда аусура ицоит аԥхын, нас аӡын дуӡӡа убри ала рхы ныҟәыргоит.
Асовет аамҭазы ари ақыҭаҿы аҭаҭын рааӡон, инамыцхәынгьы ауҭраҭых аадрыхуан. Аха, аибашьра ашьҭахь, аколынхарақәа анеилаҳа, трактор зхыло ари ақыҭаҿы иаанымхеит, ауаа рхы зланыҟәыргаша иазхәыцны, атуризм ахьҿио ақалақь ахь усура рҿынархеит.
Иазгәаҭатәуп, калдахәараа шамаха зыҩны кажьны иқәҵыз шмаҷу, дасу рыҩны иахуп, иубратәы иҟоуп аҽеиҿкаара ишашьҭоугьы. Ҳара ҳахьынхо аҳабла анкьа ахԥатәи абригада ҳәа иашьҭан, абри аҳаблаҿы жәытәнатә аахыс аӡы аҟамзаара рыцҳараны иҟан. Ҳәсеи хацәеи рыԥҳалқәа рыманы, ҩба, хԥа километр рҟынӡа ицаны аӡыржәтәи аӡныхтәи ааргон. Амашьынақәа змоу, егьарааны иубаргьы рӡаагага уалырқәа рҭәны усурантә ианаауа иааргоит. Абас иҟоуп иахьанӡагьы.
Аибашьра ааилгазар калдахәараа Аԥсны ахадацәа рахь ашәҟәқәа рыҩуан аӡы-проект анагӡараҿы ахаҵгылара рырҭарц. "Сынтәа ишәзыҟаҳҵоит" ҳәа аҭак шроуазгьы, аӡы азҵааара анхаҩцәа шазыԥшыз иаанхон. Арҭ ашықәсқәа ирылагӡаны, калдахәараа ари апроект ишахаҵгыо азы агәыӷра рырҭон апрезидентрахьи адепутатрахьи акандидатцәа. Аха, нас иаархашҭуан. Зегь ҿҳәарак- ҿҳәарак рымоуп.
2014 шықәсазы амчра аҽанаԥсах ақыҭауаа даҽа зныкгьы аӡы азҵаатәы шьҭырхит. Абри аус ахаҵгылара аиҭеит арион ахада Руслан Ладариа. "Сара сиит аӡы апроблема ахьыҟаз ақыҭаҿы, убри аҟынтә, ари азҵаатәы иаанго ибзианы исныруеит",- иҳәеит ачынуаҩ. Ииашаҵәҟьаны ҳазҭалаз ашықәс азы, нап адыркит аӡы-проект. Уи бжьаратәла иақәхарџьхоит ҩ-миллионки бжаки рҟынӡа. Иахьазы аӡеизгарҭа ргылоуп, аӡымҩангагақәа, аӡхагалага матор уҳәа аахәаны ишьҭоуп. Калдахәараа ԥшуп, ари апроект нагӡаны, рыҩнқәа рҿы аӡы ахьхьаҳәа иааиуа ианбаҟало ҳәа. Игәыӷуеит ақыҭауаа аӡын хьшәашәа аҿаанахаанӡа аӡы роуп ҳәа.
Ақыҭа асахьа ҳазааҭгылозар уамак ала иԥшӡоуп, иҭынчроуп, иҟам ақалақь, ма амҩаду иаԥну ақыҭақәа рҿы иуԥыло ашыкьбжьы.
Калдахәараа рахьтә имаҷҩым аполитикеи асоциалтә бзазареи иазҿлымҳау. Инхоит дара ҭынч, рхала рыԥсҭазаара мҩақәҵо, дасу иахьилшо ихныҟәгага ԥшаауа. Иҟам анкьатәи аколнхара, игыло школк аҿы шаҟаҩ аус рыурыда нас? Зых иахәо Анцәагьы дихәоит шырҳәо еиԥш, ари ақыҭаҿы инхо ауаа мыцхәы рхы иахашшаауам, раԥхьаҟагьы ишԥеиӷьымхари ҳәа агәыӷрақәа рыманы рыԥсҭазааратә мҩа иацырҵоит.
Ақыҭа ӡыла еиқәыршәаны иҟалар, ргәы иҭоуп аҵаул чара аура, аӡы агьама аҳаҭыраз! Аԥсны Аџьынџьтәылантәи аибашьра аамҭазы 37–ҩык калдахәараа рыҷкәынцәа ҳаԥсадгьыл ахьчара рхы ақәырҵеит, урҭ рыбла иамбаз, здунеи зыԥсаххьо ранацәеи рабацәеи зхьымӡаз аӡы ахьхьаҳәа аҩнықәа рҿы инеиуа аҟалара зегь иреиҳау баҟоуп ари ақыҭазы.
Автори аредакцеи ргәаанагарақәа еиқәымшәозар ҟалоит.