Аԥсабара аныгәрымуа

© Sputnik Томас Тхайцукархивтә фото
архивтә фото - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҳҭнықалақь амшцәгьақәа раан иаиуа аԥхасҭеи, ауаажәларра рхымҩаԥгашьеи дырзааҭгылоит ажурналист Елеонора Коӷониаԥҳа.

1985 шықәса раахыс Аҟәа сынхоит. Амшын аҿықәан игылоу аҳҭнықалақь амшцәгьақәа раан аӡы аахыҵәалон. Иҵӡоузеи уи аахыс, аха аԥсабара иаиааиуа акоммуникациақәа иахьа уажәраанӡагьы иаҳзыҟамҵеит.

Арҭ амшқәа рзы имҩаԥысуа амшцәгьақәа дырҩагьых ҳақалақь еилаҟәыбаса иаашьҭанаҵеит. Иацынтәарак афымцамч аусуҩцәа, акоммуналтә усбарҭақәа, аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы аминистрра ахаҭарнакцәа иҟалаз амашәыр аԥырҟәҟәааразы аус руан, ирулак алашара ҳауртә иҟарҵеит, икаҳаз аҵлақәа ԥыҟҟаны ақалақь иалыргон.

Иахьатәи Аҟәа иамоуп шеишықәса иӡбам ауадаҩрақәа, хымԥада урҭ зегь рыӡбара зықәнагоу атәыла анапхагара роуп. Аха, абри арыцҳара аныҟо аамҭазы, аинтернет ахархәаҩцәа "ҳдәылҵны ақалақь еилзырго акы ҳрыцхраап" аҭыԥан, рҭелқәа кны, иаҿуп аҵәылхратә философиа арҿиара. Абри зегь иаанарԥшуеит, ҳара аибашьра ашьҭахь ҳдунеихәаԥшра шеицакыз, ҳҳәынҭқарра иамоу ауадаҩрақәа риааиразы аидгылара шҳамам.

Ҳара ҳахьынхо аҩны гылоуп Аҟәа, Дбари Аиааиреи реихдарҭаҿы. Қәак аауцыԥхьаӡа аҩны акәша-мыкәша узмыруа аҩарӡы ааҭатәоит. Абар 24 шықәса раахыс, идәылҵыц дәылҵны еилдыргоит, иҟоуп, аиарҭа зҽаҭаны ианеилдырго ҳәа иԥшуа. Аҳәынҭқарра амаа зку рхашшаара бзиа ишызымбогьы, абарҭ амшқәа рзы ақалақь аҩныҵҟа сныҟәара иснарбеит, шамаха зыҩнқәа раԥхьа аиларгара зҭаху шыҟам.

Аинтерент ахархәаҩцәа ҳарзааҭгылозар, "ҳахьеиқәхаз Анцәа иџьшьоуп" аҭыԥан абри арыцҳара иҟалаз атәыла ахада ихҭнырҟьаргьы цәгьа ирбом. Ари иаанагоит, ҳара ҳауаажәларра ииашаны рыҽшаны ишыҟоу. Рыбжьы зырҭаз ауаҩы атәыла дахагылазар рыла акгьы абом, ус акәымкәа, апрезидент рпартиа ду дахаҭарнкымзар, амитә рҿыҵҳәацәоит амшцәгьақәа рышьҭахьгьы. Аԥсабара иахылҵуа ашыкьра аиааира мариам, "Анцәа ҳрыцҳашьа" рҳәон ажәытәуаа абас амшцәгьақәа аныҟалоз.

Асоциалтә ҳа Феисбук - Sputnik Аҧсны
Анегатив иашьцылаз

Ашьыжь шаанӡа аԥшацәгьеи ақәоуреи Аҟәа анархыџхыџуа, аинтерент иҭатәаны ицәгьахәыцуа атәылауаҩ иеилкаара акыр иуадаҩуп. Аицхыраара, аидгылара абзоуралоуп ҳара аибашьра ҳшаиааиз.

Аԥсабара аныгәрымуа, аиакәым аҳәара Анцәа иҿаԥхьагьы иҵасым. Амшцәгьа ихнарҵәаз ақалақьуаа рынхарақәа аӡы иҵнаӡәӡәааит, хымԥада урҭ анхарақәа зегь реиҭашьақәыргылара иӷару ҳҳәынҭқарра иалшарым. Аха, абас аԥсабара адунеи анеиланарҩынтуа сзашьҭоузеи ҳәа башацәажәара акгьы ихәарҭам.

Ҳара атәылауаа ҳхаҭа ҳхы ҳахәаԥшуазар, зегь ирдыруа усуп, акоммуналтә шәахтәқәа, алашара ахә, аӡы ахшәаатәы рзы аҽыԥхьакра бзиа ишаҳбо. Дсықәымшәеит абри амшқәа рзы "агәамсам иахьакәым икасыжьуеит, алашара ахә сшәом" зҳәоз аӡәы. "Ӡакы згыз игыз идыруан, ҩыӡа згыз игыз издыруамызт" рҳәоит аԥсуаа.

Ауаажәларреи аҳәынҭқарра анапхагареи — зегьы Аԥсны иатәылауаауп, убри аҟынтә, дасу иҭакԥхықәра наигӡалароуп. Аԥсны анапхгара ракәзар, иазыԥшызар акәын, аҳәынҭқарра анапхгара аҭара ус ишымариам, шеишықәса еиқәыланы иҟоу ауадаҩрақәа риашатәыс дара ишырзынхоз. Амчрахь анеира азгәышьра акуп, атәыла аныҟәгара акыр иуадаҩуп. Аҵыхәтәантәи аамҭазы ирацәахеит аӡхыҵрақәа, аԥсабара ҳазгәааны ишыҟоу мҩашьо иархыџхыџуеит ҳзықәныҟо адунеи…

Автори аредакцеи ргәаанагарақәа еиқәымшәозар ҟалоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0