Есма-Ҳаным ақыҭаҿы игылоу ачамҳаҵла амҳаџьырра аҭоурых иаҿахәҳәагоуп

© Фото : предоставлено Сырмой АшубаАԥсуа шьха қыҭа Есма- Ҳаным
Аԥсуа шьха қыҭа Есма- Ҳаным - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аамҭаказы ахҵәара иақәшәаз ҳџьынџьуаа, атәым жәҩан аҵаҟа иахьнанагаз, Аԥсны иҟаз аԥсабара еиԥшыз аҭыԥқәа ԥшааны, анхара рҽазыршәеит. Аԥсуа шьха қыҭа Есма- Ҳаным инхоит шәыҭӡык инареиҳаны аԥсуаа. Ақыҭа акәзар, иамоуп ахатә ҭоурых, уи дазааҭгылоит Сырма Ашәԥҳа.

Sputnik, Сырма Ашәԥҳа

Иҟоуп Аԥснынтә еицыхҵәаз аигәылацәа, аижәлантәқәа, аиуацәа. Уимоу, аԥсышәала рқыҭақәа рыхьӡқәа еиқәырханы иахьа уажәраанӡагьы иааргеит. Қыҭа цыԥхьаӡа иара ахатә ҭоурых амоуп. Шәқыҭа ахьӡ шԥашьақәшәыргылеи?— ҳәа унаразҵаар, иаразнак аҭак аҳәара рҽазыршәоит.

Аԥсуа шьха қыҭа Есма- Ҳаным инхоит шәыҭӡык инареиҳаны аԥсуаа. Ақыҭа акәзар, иамоуп ахатә ҭоурых.

Беслан Дбар - Sputnik Аҧсны
Арадио
Дбар: ҳџьынџьуаа Ҭырқәтәыла Аԥснытәи аинформациа маҷны ироуеит

"Амҳаџьырра аамҭазы, Аԥснынтә ҳабацәа, ҳабдуцәа хҵәаны ианаауаз, Есма лыхьӡны, ҩыџьа аԥацәа Исмаили, Шьефқьеҭи, лыԥҳаи лыманы ақыҭа дрыцны дааит. Даара дхаҵамԥҳәысны дыҟан лара. Ара иахьааиз Диузџье арха рырҭеит. Ачымазара, ашыӡ зыхьны иԥсқәаз рацәаҩхеит. Нас уантә инықәҵын, Аԥсны еиԥшыз ҭыԥк аҿы иааины анхара иалагеит. Ақыҭагьы, Есма лаҳаҭыразы, Есма-Ҳаным ахырҵеит", — ҳәа ҳзеиҭалҳәеит уи ақыҭаҿы ҳара иҳақәшәаз Иԥеқь Капԥҳа.

Изларҳәо ала, Есма-Ҳаным лыҩнгьы, иахьа уажәраанӡа еиқәханы иҟоуп. Аҭоурых иаҿахәҳәаганы атәым дгьыл иқәгылоуп.

Есма-Ҳаным ақыҭа агәаны игылоу ачамҳаҵла, Аԥснынтә аԥсуаа уахь ианнанага, зынӡаск иҟатан. Ҳазҭагылоу аамҭазы, уи ачамҳаҵла, ажәытәреи аҿатәреи ирдырганы, адацқәа адгьыл иаласаны иӷәӷәаӡах, ажәҩан ҵыԥссаауа игылоуп. Уи амҵан имҩаԥысуеит аҵак ду змоу аизарақәа, абыргцәа ааидтәаланы раԥсуара иналацәажәалоит.

"Аԥсны иныҟәыжәго аԥсуара аҟара ҳазныҟәымгозаргьы, бзиа ибаны ҳашьҭоуп. Ҳхәыҷқәа ирҵарц ҳҭахәуп. Шәыгәхьааҳгоит, ҳгәыбылра шәыдуп, ижәдыруаз. Аԥсуара ирацәаны пату ақәысҵоит, исылшар Аԥсны сцаны, ишынеишабыку зегьы сҽаарыкәыршаны сгәы иааҭасҵар аҟара убас бзиа избоит. Ҳабдуцәа ахьықәҵыз адгьыл сызнеир, избар џьанаҭ сымцоз?!", — лыгәҭыхақәа еиҭалҳәон Севги Ҳагәышьԥҳа.

Ҳџьынџьуаҩ, Берзеқь Кәыџба, дазааҭгылоит, Аԥснынтә ахҵәара иадҳәалоу, иидыруа ажәабжь.

"Аԥснынтә быжьқыҭак ицны иааит Шарыҭхәа-иԥа Асланбеи ззырҳәо. Аигбақәа, Ахбақәа, Анашбақәа, Акьацәқәа, Урыс-иԥацәа. Уи имаҭа сара сыԥшәма иакәын, иԥсҭазаара далҵхьагәышьеит. Саргьы субыхуп. Саҳәшьеиҳабы Аӡынаа (Кәаӡаа) дрыман Бычка ақыҭа, ҩыџьа лԥацәа ыҟоуп, лҭацацәа, лмаҭацәа еиҵаҩҩы иҟоуп, лара дыԥсгәышьеит. Ҳқыҭақәа аԥсуа цәа рыҟәнымзар, ԥсыхәас иамоузеи?! Ҳаԥсуарагьы убасҵәҟьа ҳабла ҷыц еиԥш ҳахӡыӡаауеит", — дцәажәон Берзеқь Кәыџба.

Ҳџьынџьуаа гәалас ирымоуп аҭоурых ишахәҭоу еиԥш иҭҵааны иахьрымам. Реиҳабацәа Аԥсны аӡбахә анырҳәалоз, ԥхыӡҵас ишырзааиуаз, рацәак рыхшыҩ ишадрымҵоз.

"Ҳара ҳтоурых, иаҳхысыз, ҳзыниаз-ҳзынԥаз ҽеила еикааны иҳаздыруам. Ашьҭахь, сашьа данахьӡа, рызегьы дрышьҭаланы еиликааит. Уажәы, Шарыҭхәа ззысҳәо, ҳабду, Кавказ аҭыԥкәа иреиԥшыз ақыҭақәа алхны итәеит ара. Сабду Хәсеин, Бычка ақыҭа анхара далагеит. Сыҷкәын, Акәыџбақәа рҭыԥ збап ҳәа Аԥсны дцеит. Ҽыла дхаргалеит уи аҭыԥ ахь, аҵаҟа аӡиа ииасны ицон. Шарыҭхәа-иԥа Асланбеи, аҽы дзықәтәоз ашьапқәа қьафынала ирыцқьаны, нас ирбаны, убас дақәтәон. Ақәа леины иҟазар, дзырсуаз аӡы хәашьызар, аҽы аӡба иакыр, аӡы аиржәыр ҟалаӡомызт. Аҽы ахаҭа, аӡы шыхәашьыз абар, иажәӡомызт", — есааира ажәабжь дагәыланахалон Берзеқь.

Берзеқь, Аԥсныҟа ҵыхәаԥҵәара змамыз аныҳәаԥхьыӡқәа аалышьҭуан.

"Ҳара ҳазқәыҵыз адгьыл ахьӡ акәын иаҳдыруаз, уажәы лабҿаба ирбагәышьеит иаҳхылҵыз. Анцәа илԥхала иреиӷьу амшқәа арахьгьы, уахьгьы ҳазшаз иҳаҭәеишьааит. Аԥсуаа ахьыҟазаалакгьы абзиара ҳԥеиԥшитәааит! Иаҳзышьҭымхуа ахьаақәа Анцәа иҳаимҭааит. Ажәҩан аҟынтә иаауа аԥсҭҳәа, аԥша, Аԥсны афҩы ҳзаанагазшәа ҳгәы иабоит. Ҳаргьы Аԥсны згәы азыбылуаз ауаа ҳрыхшеит, ҳгәыблыра уа иҟоуп. Ҳабдуцәа рыбаҩқәа рыԥсадгьыл аҿы иаҳзызыхьчо ҳашьцәа срыкәыхшоуп", — дцәажәон Берзеқь Кәыџба.

Ажәабжьқәа зегьы
0