Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Гогәуа Венесуела Аԥсны ахьыԥшымра азхаҵара иазкны: мышкала иҟалаз усӡам

© Sputnik / Томас ТхайцукСенер Гогуа
Сенер Гогуа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Венесуела официалла Аҧсны ахьыҧшымра азханаҵеит цәыббра 10, 2009 шықәсазы. Sputnik Аԥсны "Жәларбжьаратәи афонд Аԥсны" ахада Сенер Гогәуеи, афонд амаӡаныҟәгаҩ Асида Инаԥшьԥҳаи Sputnik Аԥсны арадиостудиаҟны иазааҭгылеит ари амш шыргәалашәо атәы.
Сенер Гогәуеи Асида Инаԥшьԥҳаи 2009 шықәсазы Венесуела рыҟазаара иазкны

"Венесуела официалла Аҧсны ахьыҧшымра азханаҵеит ҳәа ҳаҳаит Латинатәи Америка ҳшыҟаз. 2009 шықәсазы сара Жәлар реизара депутатс сыҟан, Асида лакәзар Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра апротоколтә ҟәша еиҳабыс дыҟан. Венесуела Аԥсны ахьыԥшымра азхаҵара уи мышкала иҟалаз усӡам. Ишыздыруа ала уи азы аусурақәа цон 2007 шықәса раахыс", —  иҳәеит Сенер Гогәуа.

Асида Инаԥшьԥҳа лажәақәа рыла, Венесуела Аԥсны азханаҵеит ҳәа илазҳәаз Сенер Гогәуа шиакәу.

"Иахьеиԥш исгәалашәоит ари ахҭыс, шьыжьын. Ҳгәырӷьара ҳәа амамызт",-  азгәалҭеит лара.


Ажәабжьқәа зегьы
0