Аԥсны иаартуп аимак-аиҿактәи акомпиутортәи клубқәа жәаба

© Sputnik Амра АмичбаДесять дискуссионных и компьютерных клубов открыты в пяти районах Абхазии
Десять дискуссионных и  компьютерных клубов открыты в пяти районах Абхазии - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Жәларбжьаратәи аиҿкаара World vision Аҟәатәи ақәыԥшцәа рыҩни апроект "Молодые лидеры Абхазии за мир и развитие" аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥыргеит ауснагӡатә.

АҞӘА, цәыббра 11 – Sputnik, Амра Амҷԥҳа. Жәларбжьаратәи аиҿкаара World vision Аҟәатәи ақәыԥшцәа рыҩни апроект "Молодые лидеры Абхазии за мир и развитие" аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥыргеит ауснагӡатә. Аԥсны иаадыртит аимак-аиҿактәи акомпиутортәи клубқәа жәаба. Абри атәы ҳзеиҭалҳәеит ақәыԥшцәа Рыҩны адиректор лхаҭыԥуаҩ Аида Ладариаԥҳа.

"Еиҵагыло аҿар рааӡара аҵак дуӡӡа амоуп. Урҭ идҳарҵо ауп уаҵәы иҟарҵо. Аԥсны аԥеиԥшгьы иахьа иҟаҳҵо ауп", — лҳәеит лара.

Аҟәа, Гәылрыԥшь, Тҟәарчал, Очамчыра, Гал рраионқәа рҟны 9-11-тәи аклассқәа рҿы аҵара зҵо шәҩыла аҵаҩцәа аҭааны ирбеит, аҽазыҟаҵарақәа рыҽрыладырхәит аимак-аиҿактәии акомпиутортәи клубқәа рҟны.

"Апроект аҳәаақәа ирҭагӡаны ҳара ҳҽазаҳшәеит Аԥсны еиуеиԥшым араионқәа рҟынтәи ахәыҷқәа аҵара цҵа раҳҭарц. Апроект мҩаԥысуанаҵы еиҿаҳкааит имаҷымкәа аиԥыларақәа, аиҿцәажәарақәа", — лҳәеит Жәларбжьаратәи аиҿкаара World vision анапхгаҩы Оксана Лашәриаԥҳа.

Лара ҭабуп ҳәа ралҳәеит апрограммист Омара Ҭарбеи Sputnik Аԥсны асистематә администратор Дамеи Џьонуеи. Имҩаԥыргаз аусуразы.

Нарҭ Басариа, хышықәса раахыс Аҟәатәи акомпиутортә клуб даҭаауеит. Иара иҳәеит иахьазы ари аус аинтерес ду аманы ишыҟоу.

"Сара сышкол асаит шьақәсыргылеит. Ҭабуп ҳәа иасҳәар сҭахуп сырҵаҩы Дамеи Џьонуа", — иҳәеит иара.

Цәыббра 10 рзы Жәларбжьаратәи аиҿкаара World vision Аҟәатәи ақәыԥшцәа рыҩни апроект "Молодые лидеры Абхазии за мир и развитие" аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥыргеит ахыркәшаратә уснагӡатә

Ажәабжьқәа зегьы
0