Кьылба: Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи Урыстәылатәи ар рылгатәуп ҳәа аҳәамҭа дақәыӡбоит

© Sputnik / Бадрак АвидзбаСекретарь совбеза Мухамед Килба.
Секретарь совбеза Мухамед Килба. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Вашингтон аҽазныкгьы адҵа ҟанаҵеит Қырҭтәыла "иаҵанакуа" адгьылқәа Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи Урыстәылатәи ар рылгатәуп ҳәа. Аԥсны Ашәарҭадаратә хеилак амаӡаныҟәгаҩ Муҳамед Кьылба ари аҳәамҭа ахҳәаа аиҭеит ақәыӡбра азуа.

АҞӘА, цәыббра 13 – Sputnik. Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсны Ашәарҭадаратә хеилак амаӡаныҟәгаҩ Муҳамед Кьылба ари аҳәамҭа ахҳәаа аиҭеит ақәыӡбра азуа. Иара иҳәеит асеиԥш иҟоу аҳәамҭа абсурд- ҳәамҭоуп ҳәа.

"Дара русс алам аурыс рыр ахьгылоу, изгылоу. Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи ихьыԥшым тәылақәоуп. Атәым ҳәынҭқаррақәа рыр ахьгылоу атәылақәа маҷым. Иаҳҳәап: Таивань мамзаргьы Косово", — иҳәеит иара.

Вашингтон имҩаԥысыз ашәарҭадареи атәылахьчареи рзы аусутә гәыԥ аилатәараҟны Америкеи Қырҭтәылеи Қырҭтәыла "иаҵанакуа" адгьылқәа Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи Урыстәылатәи ар рылгатәуп ҳәа аҳәамҭа иҟарҵаз дахцәажәо Кьылба иҳәеит дара иарбанызаалак ҵаҵӷәык рыман иҟам асеиԥш адҵаҟаҵаразы ҳәа.

"ЕАШ (США) Аԥсни Қырҭтәылеи Аахыҵ Уаԥстәылеи Қырҭтәылеи рҳәаақәа рҟны аушьҭырҭатә ҭыԥқәа ахьадыркыз агәҭынчымра аиуртә еиԥши Урыстәыла арратә базақәа уа рыҟазаареи рганахь ала иарбанызаалак ус рыманы иҟам. Ҳаргьы иаҳгәамԥхақәо рацәоуп, иаҳҳәап ҳтәылауаа, хаҭала астудентцәа, абизнесуаа уҳәа адунеи ахы-аҵыхәа рҟны реиҭанеиааира ахьԥку", — иҳәеит Кьылба.

Иара игәаанагарала асеиԥш иҟоу аҳәамҭақәа Аԥсни Қырҭтәылеи рыбжьара иҟоу апроблемақәа рыӡбра еиҳагьы иаруадаҩуеит.

Муҳамед Кьылба иазгәеиҭеит Аԥсны мчыла ақәыӷәӷәарала ак арҟаҵара ахаангьы илҵшәадан ҳәа.

"Урыстәыла ар аҩ-тәылак реилацәажәарала Аԥсны игылоуп. Ԥхьаҟагьы ус акәхоит", — иҳәеит Кьылба.

Военнослужащий российской военной базы в Абхазии во время тренировки по противодействию терроризму - Sputnik Аҧсны
ЕАШ (США) Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи Урыстәылатәи ар рылгатәуп ҳәа азгәарҭеит

Вашингтон имҩаԥысыз ашәарҭадареи атәылахьчареи рзы Аусутә гәыԥ алахәылацәа аҽазныкгьы Урыстәыла аганахь адҵа ҟарҵеит 2008 шықәсазтәи аибашьра аанкылараз аиқәшаҳаҭра инақәыршәаны Қырҭтәыла "иаҵанакуа" адгьылқәа Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи Урыстәылатәи ар алнагарц.

"ЕАШ (США) инаҵшьны иазгәанаҭоит Қырҭтәыла аҵакырадгьылтә акзаара шазханаҵо уаанӡатәи иара жәларбжьаратәи аҳәаақәа инарықәыршәаны" ҳәа аҳәоит аҳәамҭа.

Нанҳәа 26 2008 шықәса рзы Урыстәыла Аԥсни аахыҵ Уаԥстәылеи рхьыԥшымра азханаҵеит. Урыстәыла анапхгара изныкымкәа ирҳәахьеит уи азхаҵара иҟоу аҭагылазаашьақәа ирықәыршәан имҩаԥган аиҭакрагьы алшом ҳәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0