00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
13:02
3 мин
Ажәабжьқәа 13:30
13:31
3 мин
Новости 14.00
14:01
3 мин
Новости 14.30
14:31
2 мин
Ажәабжьқәа
18:01
3 мин
18:29
1 мин
Новости
18:31
3 мин
Актуальный комментарий
18:55
5 мин
Ажәабжьқәа
21:01
3 мин
21:29
1 мин
Новости
21:31
3 мин
Актуальный комментарий
21:55
5 мин
Ажәабжьқәа 13:00
Ихадоу атемақәа
13:06
10 мин
On air
13:16
2 мин
Ажәабжьқәа 13:30
Ихадоу атемақәа
13:32
10 мин
On air
13:43
2 мин
Новости 14.00
Главные темы
14:07
10 мин
Взаимный интерес
Социологический опрос "Экология Абхазии: взгляд в будущее"
14:17
2 мин
Новости 14.30
Главные темы
14:33
10 мин
Гражданин и начальник
Нарушение пограничного режима: ситуация на абхазо-грузинской границе
14:44
10 мин
Дополнительное время
Спорттивные трансляции в Абхазии: интервью с журналситом МАТЧ-ТВ Нарой Муратия
14:54
12 мин
Ажәабжьқәа
Ихадоу атемақәа
18:07
10 мин
Новости
Главные темы
18:37
12 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7

Хатәгәаԥхарала еибашьуаз Сердиуков иҭаацәа рнапы иадыркит "Агәымшәараз" амедал

© Sputnik Бадри ЕсиаваМинистр обороны Мираб Кешмария вручает медать "За отвагу" вдове добровольца Андрея Сердюкова Ульяне Смирновой
Министр обороны Мираб Кешмария вручает медать За отвагу вдове добровольца Андрея Сердюкова Ульяне Смирновой - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Атәылахьчара аминистр Мераб Кьышьмариа идҵала Ставропольнтәи хатәгәаԥхарала Аԥсны еибашьуаз Андреи Сердиуков ианашьаз амедал иҭаацәа рнапы иадыркит.

АҞӘА, цәыббра 12– Sputnik, Бадри Есиава. Цәыббра 12 рзы Аԥсны Атәылахьчара аминистр Мераб Кьышьмариа идҵала Ставропольнтәи хатәгәаԥхарала Аԥсны еибашьуаз, агәыԥ "Едельвеис" акомандир Андреи Сердиуков ианашьаз амедал иҭаацәа рнапы иадыркит.

Аҳамҭа рыдыркылеит Сердиуков иԥшәмаԥҳәыс, Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра алахәыла Улиана Смирновеи иара иԥа Владимир Сердиукови.

"Ҳара зегьы еицаадыруеит Андреи Аԥсназы иҟаиҵаз аибашьраан. Иара дфырхаҵан. Андреии иԥшәмаԥҳәыс Улианеи аибашьраан узҿыԥшыша ракәны рхы аадырԥшит. Абас иҟаз ауаа роуп ҳиааирагьы алзыршаз", — иҳәеит Аԥсны Атәылахьчара аминистр Мераб Кьышьмариа.

Аминистр аибашьҩы иҭаацәа ҭабуп ҳәа реиҳәеит, дигәалаиршәеит Андреи Сердиуков.

Улиана Смирнова иланеишьеит Аиааира 20 шықәса ахыҵра иазку аиубилеитә медал.

Андреи ицеибашьуаз иҩыза Заур Аршба игәалаиршәеит Андреии иареи 1992 шықәса рзы Ҷлоу ақыҭан ишеибадырыз. Аԥсны аибашьра ианалагаз Сердиуков Гәдоуҭа игылаз Урыстәылатәи ар рҟны аррамаҵзура дахысуан.

"Мрагыларатәи афронт ахь Андреи Гәдоуҭантәи днеиит. Абџьар имамызт. Иара уаанӡа Ҟарабах аҭынчреиҿкаара агәыԥ далан. Дхәын. Аԥсны иара иаԥиҵеит агәыԥ "Едельвеис", — ҳәа игәалаиршәоит Заур Аршба.

Аибашьарҟны еиқәшәеит Андреи Сердиукови Улиана Смирновеи. Рынасыԥгьы еиларҵеит.

Андреи Сердиуков аибашьра ашьҭахь Гагра дыршьит.

Ажәабжьқәа зегьы
0