Sputnik, Асида Кәыҵниаԥҳа.
Ақалақь аилаҩеиласра ашыкьра инацәхыкны, аиланхарҭа Агәӡера иахьаҵанакуа аус ауеит ашәыр ахьдырҩо, еиуеиԥшым ашәырқашь ахьдыршуа, макьаназы Аԥсны ираԥхьатәиу ашоколад зхьыршо ахәырма ахьдырԥшшо афабрика маҷ.
"Хышықәса раԥхьа ҳусура ашьапы ҳкит. Усҟан ареспублика аҩныҵҟа аҭирҭақәа рҿы шамахамзар иҟамызт ҩнаҭаҳасабла иҟарҵоз аалыҵ. Ҳнапхгаҩы адҵа ҳаиҭеи амилаҭ-цәа аҟәынны иҟоу, дәныҟалагь аамҭа иақәшәартәы еиҿкаау аалыҵ аҭыжьра хацҳаркырц", — ҳәа еиҭалҳәоит амаркетолог Елена Храпцова.
Аколлектив аусура хкырацәала ишьақәыргылоуп.
"Ҳара аус аауеит ахәаахәҭра аҩнаҿы, ааглыхратә ҵакы зманы иҟоу атауар атәыла иалаагалоит. Аҩнтәи анапкымҭақәа агәахәара ҳазҭо усноуп ҳшазыҟоу. Иара убри аан акыр ҭакԥхықәрала ҳазнеиуеит. Шықәсык иназынаԥшуа абренд ҿыц ахьӡ азыԥшаара ҳзалмыршеит. Ҳофис аҟны 15-ҩык инарзынаԥшуа аус руеит. Дара зегьы хьӡык-хьӡык рхәыцуан, мышкахьы хԥа-хԥа хьӡы ҳадыргалар акәын. Аидеиақәа рацәан. Иҟан иугәаԥхашаз, иҟан мап зцәукшазгьы. Ҳара иҳадыргалоз зегьы еизакны еилҳаршәшәеит. Ашықәс анҵәамҭаз вариантқәак ҳарзааҭгылеит. Иалкаахеит ахьӡ: "Аԥсуа лакә" ҳәа еиҭалҳәоит амаркетолог.
Ҳексперимент ахы ҳкит ахәырмарҩала. Аԥсны уи даара бзиа ирбоит. Русураҟны "аԥсуа лакәаԥҵаҩцәа" аҳәаанырцәтәи аҟазауаа рԥышәа иазҵаауан.
"Атехнологцәеи ҳареи аинырра бзиа ҳаманы аусура шьақәҳаргылеит. Ҳара дара ираҳҳәон иҳаурц иаҳҭахыз аалыҵ зеиԥшраз. Дара ҳагхақәа ҳдырбон, амҩа иаша ҳақәырҵон. Абас, жәҩеидкылатәи аусурала иҭҳажьит ашокалад зхьыршоу ахәырма", — лҳәоит Елена.
"Ашоколад зхьыршоу ахәырма" ҭрыжьуеижьҭеи аамҭақәак шцахьоугьы макьанагьы аус адулара хыркәшам. Ишеиӷьхаша азхәыцра иаҟәымҵыцт. Атехнолог хада Ҭимур Абжарба иажәақәа рыла аус имариоу акакәым.
"Ахәырма бзианы ианыԥшшалак ашьҭахь астандартқәа ирықәшәо аилыҟәшәаара ҳалагоит. Ашәыр рацәак идуумзароуп, иагьхәыҷымзароуп, џьара кьылк аманы иҟамзароуп. Ишахәҭоу еиԥш ирԥшшоу ахәырма еиҩша-еихшаны еиҭахгьы афақь аҳарсуеит. Иршу ашоколад иҭаҳшьуеит. Уахыки-ҽнаки рышьҭахь ацәа ахаҵаны аҭрақәа еихшаны ирҭаҳҵоит", — ҳәа еиҭеиҳәоит Ҭимур Абжарба.
Ацех аҟны быжьҩык аус руеит. Шамахамзар зегьы напылоуп ишыҟарҵо.
"Аппаратура аҟынтәи ахәырма ацәа ахызхуаз аппарат ҳаман. Аха лассы лассы иԥхасҭахон. Мап ацәаҳкит. Иуадаҩраны иҳамоу ашоколад ахьхышкәакәаахоу ауп. Ахәырма иамоу ацәаакыра аҳаракыра аума аҭыԥантәи аҳауа ацәаакыра аума – ашоколад шкәакәахоит. Иахьа уи аус адулара ҳаҿуп", — иҳәоит атехнолог.
Аԥсны ақыҭанхамҩатә џьармыкьа макьаназ иалшом анаплакы аӡа ала аиқәыршәара.
"Аалыҵ аахәарагьы ауадаҩрақәа ацуп. Ателехәаԥшраҿы аҳәара ҟаҳҵоит, ақыҭақәа иахьырзааигәоу аҭыԥқәа рҟны абаннерқәа кнаҳҳауеит. Усоуп макьаназ ҳаизгашьа шыҟоу. ԥхьаҟазы иаҳгәиҭоуп ҳхатәы баҳча ашьаҭаркра. Еиуеиԥшым ашәырх ааӡара. Иҟаҳҵо ауаа иргәаԥхар – ҳусура аҿиара аҳҭоит", — иҳәоит Абжарба.
Ареспубликаҿы ашәыр амаҷхара атехнолог еиуеиԥшым ахәаҷақәа рцәырҵра иадиҳәалоит.