АҞӘА, цәыббра 18– Sputnik, Сариа Кәарацхьелиаԥҳа. Жәлар рыкәашаратә ансамбль "Адац" аиҵбыратә гәыԥ актәи аҭыԥ ааннакылеит Ахореографиазы жәларбжьаратәи аолимпиада "Красота и доброта спасут мир" аҟны. Абри атәы Sputnik иазаалыцҳаит ансамбль "Адац" алахәыла, Аԥсны жәлар рартистка Натеко Бигәаа.
"Сынтәа аолимпиада иалахәын аиҵбыратә гәыԥ. Ансамбль "Адац" асахьаркыратә напхгаҩы — Руслан Дбар. Ҳхәыҷқәа даара ирбаз-ираҳаз ргәаԥхеит. Афестиваль егьырҭ алахәылацәеи дареи еиҩызцәахеит. Актәи аҭыԥ ааныркылеит. Ахьтәы медали адипломқәеи роуит. Даара ибзианы ҳрыдыркылеит. Ршьапы иқәгыланы рнапы ҳзеинырҟьон", - лҳәоит Натеко Бигәаа.
Ахореографиазы жәларбжьаратәи аолимпиада "Красота и доброта спасут мир" хыркәшахеит Лазаревск цәыббра 16 рзы. 2016 шықәса рзы Аԥсны ахьӡала иқәгылон ансамбль "Адац" аиҳабыратә гәыԥ.