Габниаԥҳа: ҳџьынџьуаа рхатәы бызшәа бзианы ирдыруеит, иара ала ихәыцуеит

© Sputnik / Томас ТхайцукЦира Габния.
Цира Габния. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ҭырқәтәыла инхо хџьынџьуаа еиқәырханы иаарго аҧсуа иҟазшьа бзиақәа ртәы, дазааҭгылеит афилологиатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат Цира Габниаԥҳа.

Sputnik, Сырма Ашәԥҳа

Аҧсуа жәлар адунеи ашара иақәлоу ракәны рхы рыҧхьаӡоит. Ус аҳәоит ижәытәӡоу рмифологиа, ус рҳәоит археологиатә ҧшаарақәа рылҵшәақәагьы.

"Ҳажәлар Амшын Еиқәа наҟ-ааҟ иаҿықәыҧсалоуп, еиҩшоуп, рӷьырак рыҧсадгьыл ишазгәышьуагьы, сасра ҳәа ауп иахьагьы ишаҭаауа. Амшын Еиқәа наҟ-ааҟ ҳшаҿықәыҧсазгьы, ҳавара аимпериа дуӡӡақәа шхыбгалазгьы, шәареи ҳареи иацы иҳалшеит ҳаҧсадгьыл иақәлаз аӷа иқәцара, ҳмилаҭра еиқәырханы, ҳтәыла ихьыҧшымкәа ахы ақәиҭтәра. Ҳхылҵшьҭрақәа рмилаҭтә хдырра аизырҳара. Ҳхатәы бызшәа, ҳкультура аиқәырхара иадҳәалоу азҵаарақәа рыӡбараҿы иҳалшо маҷӡам", — ҳәа азгәалҭоит Цира Габниаԥҳа.

Аҧсны арҭ апроблемақәа шыҟоу изныкымкәа иазааҭгылахьеит, рыӡбаразы иакымкәа аус хкқәа еиҿыркаахьеит, аха зегьы раасҭа ихадароу урҭ апроблемақәа рыӡбара аҳәынҭқарра иазгәанаҭоит, ахылаҧшрагьы анаҭоит.

"Ҭырқәтәыла инхо ҳашьцәа егьа уадаҩра ианиазаргьы, иахьа уажәраанӡа еиқәырханы иааргеит аҧсуа иҟазшьа бзиақәа-аҧхашьара, аҳаҭыреиқәҵара. Ара иҟоуп аиҳабы иҭыҧ, уи иара ибзиаӡаны идыруеит, уи ҳаҭыр ақәҵаны дазнеиуеит аиҵбгьы. Аиҳабацәа зегьы рҭоурых бзианы ирдыруеит, рабацәа, рабдуцәа рхьаақәа даргьы ирныҧшуеит, рыҧсадгьыл ду ахь абзиабара ду рымоуп, игәхьааргоит, рхатәы бызшәа-аҧсуа бызшәа бзианы ирдыруеит, иара ала ихәыцуеит, рыҧсҭазаара аӷьырак аҧсуара аҳәаақәа ирҭагӡаны идырҿиоит", — лҳәоит аҵарауаҩ.

Цира илгәалалыршәоит Ҭырқәтәылатәи лныҟәарақәа рҟынтәи хҭыск.

"Ҭырқәтәыла аоазис" ҳәа Шьазина Џьапуеи сареи хьӡыс изаҳҭаз Каиалар ақыҭаҿы инхо, нцәахәык иаҩсуа аҧсуа ҭаҳмада ҧшӡа, аҧсуа ҭаҳмада ҟәыш Ажьиба Лиутфи иажәақәа —"Сара есыуаха Аллаҳ сиҳәоит аурыс ҳәынҭқар дуи шәареи иахьатәи шәеимабзиара, шәеиҩызара шәытарак азыҟамларц азы!".

Сельчин Қымза - Sputnik Аҧсны
Сельчин Қымза: Аԥсныи Ҭырқәтәылеи реимадарақәа иҵегьы иҳарӷәӷәароуп

Иахьа Ҭырқәтәыла инхо аҧсуаа Аҧсны инхо раасҭа акырынтә еиҳауп, шаҟа рхыҧхьаӡара еиҳау аҟара рылшарагьы иацлоит. Аҿар еиҵагыло аҵара дуқәа рхы азыркуеит, аӡәгьы иҵахар рҭахӡам.

"Арҭ абзиарақәа инарываргыланы абраҟа ицәырҵуеит аҧсуа бызшәа апроблемагьы. Уи иахьа аҿар ирдыруеит ҳәа ҳазҳәаӡом. Ус аҭагылазаашьа ҟазҵаз амзызқәа рацәоуп. Иҳәатәу аҧсуа бызшәа иахьа аӡра амҩа ишықәу атәы ауп. Абызшәа шьаҭанкыла иӡыр, уи иацу амилаҭ хдыррагьы аанхаӡом. Усҟан иахьа иҟоу агәыбылра зыҟалаӡом. Ара иҟамлароуп аҽыҧныҳәақәа, избанзар зыҧсадгьыл аҿы иҟам ауаҩы иҭагылазаашьа даҽакуп. Убри азы ҳаҧхьа ишьҭоу апроблемақәа рыӡбахә анаҳҳәо, зегьы раҧхьа иргылатәуп аҿар абызшәа дырҵара, аҭоурых рзеиҭаҳәара", — ҳәа дазхәыцуеит Цира.

Ҳмилаҭтә хдырра шаҟа ҳаракхо аҟара, еиҳагьы гәыблыла, хьаала ҳазхьаҧшуа ҳалагоит ҳбызшәа, ҳкультуратә хәышҭаарақәа, иӡхьоу рырхынҳәра, ирышьашәалоу раҧҵара. Иқәыргылатәу азҵаарақәа ҳаҧшаар, рыӡбашьагьы ҳақәшәоит.

Ҭырқәтәыла инхо аҧсуаа ракәзаргьы, даара иацклаҧшны русқәа еиҿыркаауеит, имаҷӡам аҧсуа милаҭтә хәышҭаарақәа.

Иахьа еиҳагьы изызхәыцтәу ҳаибабарақәа, ҳаиҧыларақәа хырхарҭа рацәала реиҿкаара ауп. Иарбан усзаалакгьы ҳнапы злаҳкуа ҳбызшәеи ҳмилаҭтә хдырреи реизырҳара ацхыраара аҭара иазкызар ауп.

Аполлон Шинкуба - Sputnik Аҧсны
Аполлон Шьынқәба: ҳџьынџьуаа рзы аԥсадгьыл ахь иаагоу амҩа уадаҩуп

"Аҧсны шаҟа ҳусқәа маншәаланы еиҿкаахо аҟара, ҳашьцәа ргәыӷрақәа ирыцлалоит, рыбӷа ӷәӷәахоит. Ҳара зегьы иҳамоу ҧсадгьыл заҵәык ауп. Аҧсны ауп ҳара зегьы ҳаҧсы аҭыҩра ахьыҟоу. Ҳажәҩахыр еибаҳҭароуп", — ҳәа азгәалҭоит Габниаԥҳа.

Ҳахьыҟазаалакгьы иҳацзааит ҳбызшәа азҧагьара, ҳкультура аизырҳара! Збызшәа иацәыҧхашьо зхы ҧхазшьо иоуп, зхы ҧхазшьо атә иоуп, атәра Анцәа иаҳҟәигааит! Наҟ-ааҟ амшын ҳаҿықәыҧсалоуп, аха ҳаҧсадгьыл аҿаҧхьа ҳҭакҧхықәрақәа еиҟароуп!

Ажәабжьқәа зегьы
0