ГАГРА, цәыббра 26 — Sputnik, Саида Жьиԥҳа. Мызкы инеиҳаны, Гагра араион Ахадара аиҳабы Заур Бганба ихылаԥшрала нап дыркыуп, араион ақырҭуа мпыҵахалаҩцәа рҟнытә ахы иақәиҭтәуижьҭеи 25 шықәса ахыҵра азгәаҭара иазкны аусеиҿкаарақәа рымҩаԥгара.
Раԥхьаӡа акәны, аргыларатә усурақәа мҩаԥысуеит Ахьӡ-аԥша апарк ахԥатәи ахәҭаҟны. Ари аҵакырадгьыл иалганы иҟаҵоуп амҩахәасҭақәа. Иазалхыуп ԥхьаҟа асцена ахьышьақәдыргыло аҭыԥ, иара убас аӡыршә. Зехьынџьара алашарбагақәеи аҟәардәқәеи ргылахоит. Ахьӡ-аԥша ахыи аҵыхәи еиԥшны иқәчаԥоуп иахьатәи ҳаамҭа иашьашәало, зхаҭабзиара ҳаракыу ахаҳә, илаҵоуп ашьац, еиҭаҳауп еиуеиԥшым аекзотикатә ҵиаақәа, ашәҭқәа.
"Ахьӡ-аԥша апарк, Гаграа ҳзы иԥшьоу ҭыԥуп. Уи иаҳгәаланаршәоит, иахьатәи ҳҭынч ԥсҭазаара зыбзоуроу, аԥсадгьыл шьала иҿызхыз ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи рфырхаҵара. Убри аҟнытә, ари аҵакыра аиҿкаара аҭакԥхықәра дула ҳазнеиуеит. Иазԥхьагәаҭаны иҳамоуп, аусмҩаԥгатәқәа реиҳарак, Гагра араион ахақәиҭтәра 25 шықәса ахыҵра азгәаҭаранӡа ихҳарқәшап ҳәа", — азгәеиҭеит Гагра араион Ахадара аиҳабы Заур Бганба.
Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраҟны игаз раԥхьатәи иааироуп, Гагра аҭарцәра. Жьҭаара 6 рзы, Аԥсны афырхаҵа Даур Ахвледиани ихьӡ зху астадион аҟны имҩаԥысуеит агәырӷьаратә усмҩаԥгатә ду. Аныҳәа аҽазыҟаҵаразы иаԥҵоуп аибашьра аветеранцәеи, Гагра араион Ахадареи, араионтә Еизара адепутатцәеи, акультуреи, аҵареи, аспорти рыҟәшақәа рхаҭарнакцәеи, ажурналистцәеи рыла ишьақәгылоу акомиссиа.
"Аныҳәатә программа инақәыршәаны, ахәылбыҽха, Ахьӡ-аԥша аҿаԥхьа ашәҭ шьҭаҵара ацеремониа мҩаԥгахоит, уантәи шьапыла, амҩа хада ҳанысуеит, Гагра араион ахақәиҭтәраан иҭахаз аҵеицәа рфотосахьақәа ҳаманы. Анаҩс астадион ашҭа ҳаицҭалоит. Араҟа, атеатртә-музыкатә цәаҩа змоу ақәгылара хада мҩаԥаагоит", — иҳәоит, аныҳәатә проект автор Русҭан Канџьариа.
Аныҳәа иадыԥхьалоуп, зықьҩык инарзынаԥшуа Гагра араион ашколхәыҷқәа. Дара рымчала, астадион ашҭаҿы ҳбираҟ асахьа аԥҵахоит.
Аконцерттә программа иалахәхоит Аԥсныи, Нхыҵ-Кавкази рышәаҳәаратәи рыкәашаратәи коллективқәа.
21 сааҭ рынахыс, агәырӷьаратә усмҩаԥгатә иацҵахоит асасааирҭа "Абхазия" ашҭаҿы.