Рауль Ҳаџьымба Валери Асапов иҭаацәа дрыдышшылеит

© Sputnik / Томас ТхайцукРауль Хаджимба
Рауль Хаджимба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Валери Асапов дҭахеит атеррористә гәыԥ "Исламское государство" имҩаԥнагоз алахысрақәа раан.

АҞӘА, цәыббра 26 — Sputnik. Аԥсны Ахада Рауль Ҳаџьымба аинрал-леитинант Валери Асапов иҭаацәа дрыдышшылеит. Валери Асапов дҭахеит атеррористә гәыԥ "Исламское государство" имҩаԥнагоз алахысрақәа раан Шьамтәылатәи Арабтә республикаҿы, ақалақь Деир ез-Зор ахы ианақәиҭыртәуаз. Абри атәы аанацҳаит Аԥсны Ахада иофициалтә саит.

"Ҳара гәалсра дула иҳадаҳкылеит иааҩыз ашәаџь бааԥс. Валери Асапов Аԥсны аҿаԥхьа имаз алшамҭақәа ахаангьы уи иқәынхо ажәлар ирхашҭраны иҟам. Аԥсны жәлари, хаҭала сареи гәыкала ҳшәыдышшылоит. Ишәзеиӷьасшьоит абарҭ аамҭа уадаҩқәа раан аӷәӷәара", — ҳәа аҳәоит адышшыларатә шәҟәы аҟны.

Валери Асапов 2000 шықәса рзы Аԥсны аҭынчреиҿкааҩцәа реилазаара иалаз 345-тәи апарашиут-десанттә полк акомандир ихаҭыԥуаҩыс Аԥсныҟа даашьҭын. 2002 шықәса рзы далахәын Кәыдрытәи аиҩхаа ахақәиҭтәраз аоперациа.

Ажәабжьқәа зегьы
0