АҶА аусзуҩцәа ахлор зҭоу абаллонқәа рықәгара хдыркәшеит

© SputnikУтилизация баллонов с хлором
Утилизация баллонов с хлором - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны АҶА иԥжәоу амаҭәарқәеи ахимиатә маҭәарқәеи ршәарҭадараз аҟәша аутилизациа рзура иалгеит ахлор зҭоу, зхархәара аҿҳәара иахыԥахьоу абаллонқәеи акантеинерқәеи. Аԥсны аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы аминистр Лев Кәыҵниа иажәақәа рыла аусурақәа ҩымз инарзынаԥшуа имҩаԥысуан.

АҞӘА, цәыббра 27 – Sputnik. Аԥсны АҶА иԥжәоу амаҭәарқәеи ахимиатә маҭәарқәеи ршәарҭадараз аҟәша аутилизациа рзура иалгеит ахлор зҭоу, зхархәара аҿҳәара иахыԥахьоу абаллонқәеи акантеинерқәеи. Абри атәы аанацҳауеит Аԥсны Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы аминистрра апресс-маҵзура.

"Аутилизациа апроцесс хҳаркәшеит. Иааидкыланы шәкы инареиҳаны абаллонқәеи акантеинерқәеи ықәаагеит. Иаанхаз усурақәакгьы ыҟоуп аха урҭ ибаргәу ракәым. Иахьазы ишәарҭаз, иуадаҩыз аусурақәа зегьы хыркәшоуп", — иҳәеит аминистр.

 Иаанхарц зылшаз аконтеинерқәеи абаллонқәеи ыҟазар, аусурақәа еиҭахацыркхоит.

"Ахлор зҭоу аконтеинер аутилизациа азууаанӡа иара ахимиатә маҭәашьар шәарҭамхартә иҟауҵароуп. Убри азы ахлори асодатә ӡҩеи еиларҭәоит. Ахлор ашәарҭарагьы ыӡуеит, иаабац аџьыкхыш аилазаара аиуеит. Контеинерк ашәарҭадатәра ф-сааҭк аҭахуп ", — иҳәеит аусурақәа напхгара рызҭоз Урыстәылатәи анаукақәа Ракадемиа ахимиеи аелектрохимиеи Ринститут анаукатә усзуҩ Александр Новиков.

Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы аминистр Лев Кәыҵниа хаҭала хылаԥшра азиуан имҩаԥысуа аусурақәа рцашьа. Иара агәра ҳиргеит ауааԥсыра рзы арҭ ауснагӡатәқәа иарбанызаалак шәарҭарак шрылам азы. Иара иажәақәа рыла иааиԥмырҟьаӡакәа имҩаԥыргон абиологиатәии ахимиатәии гәаҭара.

2008 шықәса рзы имҩаԥган раԥхьатәи апрограмма. Усҟан 600 контеинер утилизациа рзун. Уажәазы 100-контеинерк аутилизациа рызууп.

Аминистр иаликааит арҭ ауснагӡатәқәа рымҩаԥгараан аҭакԥхықәра зыдны иҟаз аминистрра амаҵзуҩцәа: Очамчыра араион амцарцәара-хьчаратә маҵзура аинспектор Вахтанг Габуниа ианашьоуп амаиор ичын; Гәдоуҭа араион амцарцәара-хьчаратә маҵзура аинспектор Заур Ҳаразиа —акапитан-леитенант ичын; ауснагӡатә напхгара азҭоз Урыстәылатәи анаукақәа Ракадемиа ахимиеи аелектрохимиеи Ринститут анаукатә усзуҩ Александр Новиков ианашьоуп амедал.


Ажәабжьқәа зегьы
0