АҞӘА, цәыббар 27 – Sputnik, Амра Амҷԥҳа. Аҳҭнықалақь ахақәиҭтәра амш азы Ахьӡ-аԥша ашҭаҟны иҭахаз рбаҟахьы инеит Аԥсны анапхгара, ауаажәларра, аныҳәа азгәаҭаразы иааз асасцәа.
Еизаз ирылыҷҷаауан ахьычԥаԥырқәа реиԥш ашколхәыҷқәа. Урҭ рхыԥхьаӡара абжьааԥны еиԥшымкәа ирацәан.
"Сара еснагь ашәҭшьыҵәрақәа рышьҭаҵарахь сааиуеит. Абри ауп иахьазы ҳара иҳалшоны иҟоу. Иҭахаз раасҭагьы ари зҭаху зыԥсы ҭоу роуп", — иҳәеит аибашьра аветеран иҷкәын Алан Џьопуа.
Фируза Капԥҳа 22 шықәса ҵуаны ауп лԥазаҵә иԥсыбаҩ анырыԥшааз. Иара ара анышә дамадоуп.
"Иҩызцәа рывара дшышьҭаз еиԥш дынсыжьит. Сгәы снархьуеит еибашьуаз зегьы иахәҭоу азхьаԥшра ахьрымам. Иара убри аан изықәнамгаӡо аҳамҭақәа ранашьоуп. Гәылак дсымоуп, Мрагыларатәи афронт аҟны еибашьуаз, Аполлон Чхетиа, амедал азоума сзеибашьуаз иҳәоит", — ҳәа еиҭалҳәоит Фируза.
1993 шықәса рзы аҳҭнықалақь ахақәиҭтәра иалахәыз ируаӡәку, иахьа Аҟәа ақалақьтә еизара ахантәаҩы Константин Ԥлиа иҳәоит: "Ари амш хашҭра амам. Аҟәа ахы ианақәиҭха ашьҭахь аиааира ҳара ишаагоз азы гәыҩбара ыҟамызт" ҳәа.
Ахьӡ-аԥша апарк ахь иааиз иреиуоуп Аԥсны асасцәа, Бриансктәи аԥсшьаҩцәа Аннеи Михаили Бириулинаа.
"Даара агәахәара ҳнаҭоит хәыҷи-дуи абрахь иааины рҭоурых пату ахьақәырҵо. Ахәыҷқәаҵәҟьагьы абаҟа амҵан ихырхәоит", — рҳәеит дара ахәыҷбаҳча ааӡаҩцәа рахь ҳхьарԥшуа.
Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра хыркәшахеит аԥсуаа риааирала 1993 шықәса цәыббра 30 рзы.