АҞӘА, цәыббар 27 — Sputnik. Аахыҵ Уаԥстәылатәи аибашьра аветеранцәа Аԥсны аныҳәатә уснагӡатәқәа ирылахәхоит ҳәа аалыцҳауеит ахәцәа адгылара рызҭо Аахыҵ Уаԥстәылатәи Афонд ахада Мадина Плиева. Абри атәы аҳәоит Sputnik Южная Осетия.
Аԥсны жәлар реибашьара аинвалидцәа Рфонд Аиааира амш амҩаԥгарахь иаарыԥхьеит Аахыҵ Уаԥстәылатәи аибашьра аветеранцәа. Аҟәа имҩаԥысуа аныҳәатә уснагӡатәқәа ирылахәхоит жәаҩык рҟынӡа Цхинвалынтәи асасцәа.
"Ҳара ҭабуп ахаҳҳәаауеит иҳарҭаз ааԥхьара. Ҭабуп ҳәа иаҳҳәоит Аԥсныҟа ҳцаразы ацхыраара ҳазҭаз ҳтәыла Ахада Анатоли Бибилов. Аԥсны ҳаҟазаараан иазыԥхьагәаҭоуп Аԥсны анапхгареи ҳареи ҳаиԥыларагьы", — лҳәоит Плиева.
Лара иазгәалҭеит аделегациа иалахәу рҟынтәи иҟоуп хҩык, зшьапы хҵәоу аинвалидцәа ҳәа.
"Хҩык зшьапы хҵәоу аинвалидцәа ҳацуп. Урҭ апротез ҟаҵара апрограмма иаҵанакхар ҟалоит. Аԥсны апротез ззыҟаҵатәны иҟоу рхыԥхьаӡара 200-ҩык рҟынӡ инаӡоит. Ҳара ҳҟны 12-ҩык ыҟоуп. Аԥсныҟа аимпорт протезқәа ааргараны иҟоуп Германиантәи. Ҳара ҳинвалидцәагьы уи апрограмма иаҵанакхар ҟалоит", — лҳәоит лара.