Афон ҿыцтәи аҳаԥы аԥхын иалыршан 151 миллион мааҭ арҳаит

© Sputnik Томас ТхайцукНовоафонская пещера
Новоафонская пещера - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
2017 шықәса рзы Афон ҿыцтәи аҳаԥы ахашәала уаанӡатәи ашықәс иадкыланы уахәаԥшуазар, 28 миллион мааҭ рыла еиҵоуп.

АҞӘА, цәыббра 27 – Sputnik, Сариа Кәарацхьелиаԥҳа. Афон ҿыцтәи аҳаԥы аԥхын иалыршан 151 миллион мааҭ арҳаит. Уи уаанӡатәи ашықәс иадкыланы уахәаԥшуазар, 28 миллион мааҭ рыла еиҵоуп. Абри атәы Sputnik акорреспондент илзеиҭеиҳәеит аҳаԥы адиректор хада Мирон Чалмаз.

 "Ашықәстәи аихшьаалақәа ҳдыргәырӷьоит ҳәа ҳазҳәом. Ҵыԥхтәи ашықәс иаҿҳарԥшуазар, сынтәатәи асезон даарак ибзиан иҟамызт. Ҵыԥх аҳаԥы иаҭаазар 360 нызқьҩык асасцәа, сынтәа урҭ рхыԥхьаӡара 304 нызқьҩык ракәын иҟаз. Ҵыԥхтәи ашықәс азы иҳарҳаит 179 миллион мааҭ аԥара, сынтәа — 151 миллион", — иҳәеит Чалмаз.

Акы — ирыдаагало амаҵзурақәа иахьатәи аамҭа иақәшәартәҵәҟьа иҟам, ҩба – Ҭырқәтәылатәи атурқәа рыхәԥса амаҷра. Аҳәара уадаҩуп ҽаантәи асезон шыҟалаша атәы. Еиӷьхозар ҳәа ҳгәыӷлап. Ашықәси ашықәси еиԥшым, азгәеиҭеит иара.

Афон ҿыцтәи аҳаԥы иааиԥмырҟьаӡакәа аус ауеит, аха аԥхынтәи аамҭазы аусура мҩаԥысуеит жьҭаара 15 рҟынӡа.

Аҳаԥы ааиртит 1961 шықәса рзы аспелеолог Гиви Смыр.

Ажәабжьқәа зегьы
0