АҞӘА, цәыббра 28 — Sputnik. Аԥсны азинхьчаратә органқәа зыԥшаара иашьҭаз, 1951 шықәса рзы ииз Павел Харитон-иԥа Арӡынба цәыббра 26 2017 шықәса рзы Аԥсны Апрокуратура хада ашьаусҭҵааратә еилакахьы дцәырҵит. Абри атәы аанацҳауеит Апрокуратура хада асаит.
"Арӡынба П.Х. уаанӡа иԥшаара иашьҭан ААК ахәҭаҷ 203 актәи ахәҭа иазыԥхьагәанаҭоу ацәгьоурала (уи инақәыршәаны иара 300 000 мааҭ шәаны 10 шықәса инаркны 15 шықәсанӡа аҭакра иқәҵахон), ахәҭаҷ 275; ахәҭаҷ 319; ахәҭаҷ 29 ахԥатәи ахәҭа; ахәҭаҷ 99 аҩбатәи ахәҭа апунктқәа "а", "з"; ахәҭаҷ 29 актәи ахәҭа; ахәҭаҷ 164 аҩбатәи ахәҭа; ахәҭаҷ 217 ахԥатәи ахәҭа инарықәыршәаны" ҳәа аҳәоит адырраҭараҟны.
Александр Анқәаб иԥсҭазаара иалхразы аҽазышәара иалахәын ҳәа ишьоуп иара убасгьы Анзор Быҭәба, Ҭамаз Барцыц, Едлари Едгари Читанаа, Рамзи Ҳашыг, Асҭамыри Алхаси Хәтабаа, Русҭан Гыцба, Мурҭаз Сақаниа, зыԥсҭазаара иалҵыз Алмасбеи Қчач.
Аԥсны Иреиҳаӡоу аӡбарҭа Аԥсны уаанӡатәи Ахада Александр Анқәаб ишьразы аҽазышәара ҟазҵаз ауааԥсыра рыхәҭа бахҭала ирхыргаразы аӡбара аднакылеит. Рамзи Ҳашыги Асҭамыр Хәытабеи бахҭала ирхыргароуп 20-20 шықәса.
Ашықәсԥхьаӡара хацыркхоит дара абри аус аганахь ала ианааныркыла арыцхә инаркны (2012 шықәса мшаԥымза инаркны). Алхас Хәытаба бахҭала иқәҵоуп 19 шықәса ахгара, Едгар Ҷыҭанаа – 14 шықәса, Едлар Ҷыҭанаа – 15 шықәса, Русҭан Гыцба – 9 шықәса. Мурҭаз Сақаниагьы ахара идуп ҳәа шьақәырӷәӷәан, 4-шықәса иқәҵан, аха арҭ ашықәсқәа ахьихигахьо инамаданы ихы дақәиҭтәын. Ҭамаз Барцыц иакәзар, ахара ихыхын.
Аӡбарҭа ишьақәнарӷәӷәеит 2012 шықәса рзы зыԥсҭазаара иалҵыз Алмасбеи Қчач ахара идуп ҳәа, аха аҭагылазаашьа инамаданы ашьаусеилыргара аанкылоуп.
Анзор Быҭәба иакәзар, уаанӡа доушьҭын, уажәы иԥшаара иаҿуп.
2005 – 2012шықәсқәа иахьынӡарыҵаркуа аамҭаз Александр Анқәаб иԥсҭазаара иалхәдатәра рҽазыршәахьан фынтә.