Ҳаџьымба Шьамтәылантәи аделегациа идикылеит

© Sputnik / Томас ТхайцукВстреча президента с делегацией Народного Совета Сирии
Встреча президента с делегацией Народного Совета Сирии - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Шьамтәылантәи аделегациа - Жәлар рхеилак алахәылацәа –Аҧсныҟа иааит цәыббра 27 рзы, Аиааира амш ныҳәа азгәаҭаразы.

АҞӘА, жьҭаара 3- Sputnik, Бадри Есиава. Аҧсны ахада Рауль Ҳаџьымба аҩаша жьҭаара 3 рзы идикылеит Шьамтәылантәи аделегациа.

Аҳәынҭқарра ахада инаҵшьны иазгәаиҭеит, Шьамтәыла имҩаҧысуа ахҭысқәа аҧсуа жәлар ибзиан ишырдыруа атәы, адгылара шаиҭо иахьатәи атәыла анапхгара. Аҧсны ахада иҳәеит мраҭашәара иҟанаҵо анырра дшақәшаҳаҭым.

"Шьамтәыла иҟоу аҭагылазаашьа аҽеиҭанакуеит, уи азгәаҭатәуп, Шьамтәылатәи аруаа, уааҧсыра ҭынч анхара рызымҭо аиҿкаарақәа рықәхразы аусурақәа мҩаҧыргоит. Урыстәыла анапхгара шьамтәыла жәлар ацхыраара ахьрырҭо, иҟоу ауадаҩрақәа аҧыхразы цхыраагӡоуп", – азгәаиҭеит Аҧсны ахада.

Ҳаџьымба иҳәеит Урыстәыла ҩызара азызуа ҳәынҭқаррақәеи Аҧсныи аусеицура ишазыхиоу.

Рауль Ҳаџьымба Аҧсныи Шьамтәылеи аизыҟазаашьақәа рыбжьаҵаразы Аиааира амш ныҳәа ааламҭалаз раара раҧхьатәи шьаҿаны иаликааит.

Аҧсны ахысхьеит иахьа Шьамтәыла жәлар ирхырго, лҳәеит Шьамтәыла Жәлар рхеилак анаҧшҩы Санаа Або Заид, иаарласны аиааира агьама ҳбарц ҳҭахуп, нацылҵеит лара.

"Шьамтәыла анапхгареи аруааи рылшарала иаарласны аиааира шааго атәы агәра ҳнаргоит. Атеррористцәа рықәхра адагьы, аусурақәа цоит аполитика аганахьалагьы. Иазгәаумҭар залшом Урыстәыла Шьамтәылатәи азҵаара аҭышәнартәаларазы иҟанаҵо", — лҳәеит Санаа Або Заид.

Шьамтәылеи егьырҭ Урыстәыла адгылара азҭо аҳәынҭқаррақәеи ирҿагылоуп мраҭашәаратәи амчқәа, урҭ ақәхреи анырҵәареи аполитика иадгылоуп, азгәалҭеит Шьамтәыла Жәлар рхеилак анаҧшҩы.

Або Заид илҳәеит Шьамтәыла анапхгара аҳәынҭқарра аекономика аргылра шрылшо, аха убри аан аиҩызцәа адгылара ҟарҵароуп. Шьамтәыла аделегациа алахәылацәа ирҳәеит анаҩсгьы Аҧсныи дареи аусеицура шырҭаху атәы. Ҳаџьымба инаҵшьны иазгәаиҭеит егьырҭ ишьақәгылахоьу аҳәынҭқаррақәа ирҿырҧшны иуҳәозар, Шьамтәыла имҩаҧысуа ахҭысқәа ртәы ибзиан ишеилыркаауа.

Аиҧылара ахыркәшамҭаз Шьамтәылатәи аделегациа Рауль Ҳаџьымба ҳамҭас ирҭеит Шьымтәыла аҟазацәа рнапыла иҟарҵаз аџьаз иалху аирыӡ. 

Ажәабжьқәа зегьы
0