Аҟәа араион аҵара аҟәша аиҳабы: арҵаҩ имш ашколқәа зегь рҿы иазгәарҭоит

CC0 / / Ученики в классе
Ученики в классе - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Арҵаҩы Жәларбжьаратәи имш аҽны арадио Sputnik Аԥсны Аҟәа араион аҵара аҟәша аиҳабы Лиулиа Сарсаниаԥҳа еиҭалҳәеит аныҳәа арҵаҩцәа шаԥыло.

АҞӘА, жьҭаара 5 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Арҵаҩ имш Аҟәа ашколқәа зегь рҿы иазгәарҭоит, лҳәеит Аҟәа араион аҵара аҟәша аиҳабы Лиулиа Сарсаниаԥҳа.

"Ашьыжь инаркны иалагоит арҵаҩцәа рыдныҳәалара, ашәҭшьыҵәрақәа рызнаргоит. Ҳаргьы аҵара аҟәша аганахь ала аҵара ашықәс аан зҽалызкааз арҵаҩцәа ааԥхьара раҳҭараны ҳаҟоуп, уаҟа аҳамҭақәеи аҳаҭыртә бӷьыцқәеи раҳҭоит", — лҳәеит Сарсаниаԥҳа.

Уи иазгәалҭеит иахьа арҵаҩы исоциалтә ҭагылазаашьа хәыҷы-хәыҷла еиӷьхоит.

Лиулиа Сарсаниаԥҳа Sputnik иалҭаз арадиоинтервиу шәазыӡырҩыр ҟалоит абра>>

"Арҵаҩцәа руалафахәы маҷ-маҷла ишьҭыҵуеит, арҵаҩы даара аџьабаа ибоит, уи иибо аџьабаа иашьашәалаша ауалафахәы иоуразы ицо аусқәа угәы дырӷәӷәартә иҟоуп", — азгәалҭеит Аҟәа араион аҵара аҟәша аиҳабы.

Зусура аҿы еиҳа зҽалзкаауа арҵаҩцәа Аҟәа араион аҵара аҟәша ахьӡала руалафахәы апремиа ацҵаны ирырҭоит.

"Аҟәа араион абиуџьет ҳаракӡам, убри аҟнытә излаҳалшо ала арҵаҩцәа ацхыраара раҳҭоит", — лҳәеит Сарсаниаԥҳа.

Аҟәа араион аҟны арҵаҩцәа ҿарацәа аусурахь инеиуеит, урҭ рхыԥхьаӡара иахьазы жәохәҩык ыҟоуп. Арҵаҩцәа ҿарацәа рзы асеминарқәа мҩаԥаагоит урҭ рԥышәа ашьҭыхра азыҳәа, азгәалҭеит уи.

Арҵаҩцәа разымхара иахҟьаны Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҟынтәи астудентцәа Аҟәа араион ашколқәа рҟны аус руеит, урҭгьы аҵара аҟәша аганахь ала ацхыраара роуеит русура арманшәаларазы.

Ажәабжьқәа зегьы
0