Шьамтәыла еиларбгоу абаашқәа еиҭашьақәдыргылоит

© Sputnik / Михаил Воскресенский / Амедиаҵәахырҭахь аиасраРазрушенный храм Бэла в Пальмире
Разрушенный храм Бэла в Пальмире - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Шьамтәылатәи аимак аламҭалаз аҭоурых ҵакы змоу абаашқәеи ауахәамақәеи акыр аԥхасҭа роуит.

АҞӘА, жьҭаара 9— Sputnik. Аурыс иашахаҵаратә уахәамеи Римтәи-акатоликатә уахәамеи русутә гәыԥ ишьақәнаргылараны иҟоуп Шьамтәыла еиларбгоу баашқәа рсиа, урҭ ушьҭан реиҭашьақәыргыларатә усурақәа рылагаразы. Абри атәы иҳәеит Москватәи апатриархат амитропалит Волоколамски Иларион, ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.

Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра уаанӡа иаанацҳахьан Шьамтәыла имҩаԥысуа атерроризм иаҿагылан аибашьар ушьҭа ахыркәшарахь инеиуеит ҳәа. Ԥхьаҟатәи усны иҟоу атәыла аиҭашьақәыргылароуп.

"Раԥхьаӡа иргыланы агуманитартә ҟазшьа змоу апроектқәа хацырктәуп. Ауаа, ақьырсианцәагьы абрахь иналаҵаны, шәарҭа шыҟам рдырыртә иҟаҵатәуп", — иҳәеит амитрополит Иларион.

Амитрополит иазгәеиҭеит Шьамтәылатәи баашқәак зынӡаск ишеиларбгоу. Аберҭыԥқәа ракәзар ма ирбгоуп ма мал ҳәа ирыҩназ зегьы ӷьычуп. Урҭ зегьы еиҭашьақәыргылатәуп.

"Аурыс иашахаҵаратә уахәамеи Римтәи-акатоликатә уахәамеи русутә гәыԥ ишьақәнаргылараны иҟоуп Шьамтәыла еиларбгоу баашқәа рсиа, урҭ ушьҭан реиҭашьақәыргыларатә усурақәа рылагаразы. Ҳара иҳалшо ала ацхыраара аауеит. Абаашқәеи ауахәамақәеи рыдагьы еиҭашьақәыргылатәуп аҩнқәа. Ауаа ацхыраара рҭахуп", — иҳәеит ауахәамаусзуҩ.

Ажәабжьқәа зегьы
0