Ҳхәыҷкәа аԥсшәа дҳарҵоит: аиҳәшьцәа Ахԥҳацәа рыԥсадгьыл аҿы

© Фото : Сырма АшубаНеџьлеи Нурҳани Ахԥҳацәа, Ҭырқәтәыла инхоит
Неџьлеи Нурҳани Ахԥҳацәа, Ҭырқәтәыла инхоит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Арҭ амшқәа рзы Ҭырқәтәылантәи Аԥсны иааны иҟоуп аиҳәшьцәа Ахԥҳацәа. Урҭ иреиҳабу илхыҵуеит 81 шықәса. Дара изларҳәо ала, ргәалаҟазаара акыр ибзиоуп, ирбаз-ираҳаз ихнахит.

Sputnik, Сырма Ашәԥҳа

Неџьлеи Нурҳани Ахԥҳацәа, Ҭырқәтәыла инхоит. Рқыҭа Ефҭениа ахьӡуп. Рабду иаб иоуп Аԥснынтә ахҵәара иақәшәаз. Аиҳәшьцәа ибзианы иргәалашәоит, раб иҩызцәеи иареи еснагь рыԥсадгьыл аӡбахә ишалацәажәоз, аха усҟан имаҷқәан, аԥсадгьыл аҵакы еилкааны ирыздыруамызт.

Аллиаҭин Ашәба - Sputnik Аҧсны
Аллиаҭин Ашәба: аԥсадгьыл иацу ахьаагара ҳазшаз ишәимырбааит

"Сара саб Раиф ихьӡын, сабду Мысҭафа ихьӡын, уи иабгьы Гыд ихьӡын. Гыд иабду иоуп Аԥснынтә инеиз. Ԥшьҩык аишьцәа ыҟан, аӡәы Аԥсны даанхеит, хҩык уахь инеит", — лабшьҭра аҭоурых лгәалалыршәон аиҳәшьцәа реиҳабы.

Неџьла лаҳәшьеиҵбы Нурҳан, Аԥсныҟа ҩынтәуп даауеижьҭеи. Лара, Аӡынаа дырҭацоуп. Лыԥҳа Берна, ара дҭаацәароуп. Лымаҳә Осман Аҭрышба, шықәсқәак раԥхьа Ҭырқәтәылантәи Аԥсныҟа нахара дааит, изҳауеит рԥа хәыҷы Гудиса, ахәыҷбаҳча "Алиас" ахь дныҟәоит.

"Ҳабдуцәа ртәарҭа, ҳабдуцәа рнышәнап ахьыҟоу ауп Аԥсны. Ахааи ҳареи ҳаибабеит, ҳаицәажәеит, ҳзеиԥырымҵуа ҳаицын арҭ амшқәа. Даара ҳгәы рзыбылит. Сара хҩык ахшара срануп. Сыҷкәыни сыӡӷаби ҩнрахеит, смаҭацәа ирызҳауеит", —дҳацәажәон Нурҳан.

Неџьла, Ҭырқәтәыла Ашәаа дырҭацоуп. Аԥсуара бзиа илбоит, лышықәс шыҟоугьы аныҟәгара дашьҭоуп.

Ҭырқәтәыла, Џьгьарда ақыҭа инхо Феҳми Ашәба. - Sputnik Аҧсны
Феҳми Ашәба: атәым дгьыл иқәынхо аԥсуа илахьынҵа ус ажәала аиҭаҳәара уадаҩуп

"Аԥсуара ԥшӡоуп, ҳахьаанагаз бымбои сыӡӷаб. Сара 81шықәса схыҵуеит, аха акгьы сааннамкылеит. Аиаша басҳәап, амҩа саннықәла инаркны Аԥсны снеиндаз, избандаз ҳәа сыҟан. Исгәалашәоит сара смаҷын, саб иахь абыргцәа аауан, итәаны Аԥснынтә аԥсуаа рцәажәарақәа зныз акасетақәа ирзыӡырҩуан. Рыԥсы ҭанаҵы гәҭыхас ирымаз. Аԥсны акәын. Еҳ, раџьал шыцәгьаз рдунеи рыԥсахгәышьеит", — лцәажәара иацылҵон Неџьла.

Аԥҳәыс лҟазшьа даҽакы иалаҩашьом. "Ҳара ҳазланхо амилаҭ ҳара иаҳҿырҵааз маҷым", — рҳәоит аиҳәшьцәа.

"Аԥсуа ԥҳәыс илылшо рацәоуп. Лысасдкылара, лтәашьа-лгылашьа, лчеиџьыка зегь рыла деиқәышәшәа дыҟазароуп. Сан Џьниаԥҳауп, сан лан Смырԥҳауп, уи лан Агрԥҳауп. Саб иан Ешԥҳауп. Урҭ иныҟәыргоз аԥсуара, алеишәа уажәы иабаҟагәышьоу?! Аха, иҳалшо ала иаҳмырӡырц ҳашьҭоуп, ҳахшарагьы иныҟәыргар ҳҭахуп. Сгәы цәгьа бзиа иабеит ара, ацара егьысҭахым. Ҳразҟы иалан Аԥсныҟа аара. Сан Наазықь лыхьӡын. Сани саби аԥсшәа ҳдырҵагәышьеит. Ҳхәыҷкәа аԥсшәа рыздыруам, уи ҳара иҳагхоуп. Смаҭацәа идсырҵап, уи гәҭакыс исымоуп", — гәыблыла еиҭалҳәон Неџьла Ахԥҳа.

"Ҳара ҳазланхо амилаҭи ҳареи ҳаиԥшӡам. Хәыҷык дааҩнашыларгьы ҳахьтәо ҳгылоит, аӡә дааиргьы агәашә аҟынӡа днаскьаҳгоит, ҳаԥсуара излаҳаднаҵо ала ҳныҟәоит, акрырҿамҵакәа идәылҳажьӡом. Ҳаиҭынхара пату ақәаҳцоит. Ажәытә ауаџьаҟқәа ҳаман, ашә, акәац дырҩон, абысҭа руан, уи иақәнагаз зегь ҟарҵон. Аиҳабык, сас даӷьк даар, абысҭа рахәыцла иԥырҟомызт, иақәнагаз акәац ажьахәҭақәа абысҭа иаваҵаны аишәа иқәдыргылон, уи пату ақәуп", — аԥсуара дагәыланахало дцәажәон Нурҳан.

Аиҳәшьцәа Аԥсны рыҟазаара насыԥк ирзаҩызахеит.

"Бзиа шәаҳбоит, ҳгәы шәзыбылуеит Аԥснаа! Асалам шәаҳҭоит, шәгәыдаҳкылоит. Ҭырқәтәылаҟа ацара ҳҭахымкәа ҳаҟоуп", — рҳәеит рцәажәара хыркәшауа.

Ажәабжьқәа зегьы
0