00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
13:01
2 мин
Ажәабжьқәа 13:30
13:31
3 мин
Новости 14.00
14:01
3 мин
Новости 14.30
14:30
3 мин
Ажәабжьқәа
18:01
2 мин
Новости
Главные темы
18:31
3 мин
18:35
2 мин
Ажәабжьқәа
21:01
2 мин
21:35
2 мин
On air
08:00
30 мин
On air
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
Ихадоу атемақәа
13:06
10 мин
Ажәабжьқәа 13:30
Ихадоу атемақәа
13:32
10 мин
Новости 14.00
Главные темы
14:07
10 мин
Новости 14.30
Главные темы
14:33
10 мин
Ажәабжьқәа
Ихадоу атемақәа
18:06
10 мин
Новости
Главные темы
18:37
12 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7

"Аԥснытәи ҭагалан" асахьаҭыхыҩцәа еиднакылеит

© Sputnik Анжелика Бения Осенний арт-пленэр открылся в Сухуме
Осенний арт-пленэр открылся в Сухуме - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Акультуреи аҭоурых-культуратә ҭынхақәа рыхьчареи рзы аминистрра адгыларала жьҭаара 10-17 рзы имҩаԥысраны иҟоуп есышықәсатәи арт-пленер "Аԥснытәи ҭагалан аԥшшәхәқәа – 2017".

АҞӘА, жьҭаара 11 — Sputnik, Анжелика Бениаԥҳа. Ахәбатәи, есышықәсатәи арт-пленер "Аԥснытәи ҭагалан аԥшшәхәқәа – 2017" еиднакылараны иҟоуп Урыстәыла, Украина, Ҟрым, Аҩадатәи Уаԥстәыла, Ҟабарда-Балкариа, Швеицариа рҟынтәи асахьаҭыхыҩцәа.

Циурихтәи (Швеицариа – аред) асахьаҭыхыҩ Марсель Блиулер иҳәеит аԥсуа ҭагалан аҭыхра шиҭаху, иара убри адагьы аурыси аԥсуеи бызшәақәа рҵара шигәҭаку.

Риҵа аӡиаҟны имҩаԥысыз Арт-пленер - Sputnik Аҧсны
Аԥснытәи ҭагалан. Арт-пленер Рица аӡиа аҿы

Марсель Блиулер Аԥсны аус иухьеит, аха аҽа арт-проектқәак дрылахәны. Апленер далахәхарц идыргалеит аԥсуа сахьаҭыхыҩцәа. Марсель уи иаразнакы дақәшаҳаҭхеит.

"Аԥсны Швеицариа еиԥшуп рҳәоит. Ԥсабарала еиԥшызар ауеит. Аха атәылақәа еиԥшым. Швеицариа маҷк игәырҿыӷьгоуп. Ара аԥсҭазаара еиҳа аԥыжәара амоуп. Зегь раԥхьа иалыскааз – Аԥсны зегьы ашәа рҳәоит, икәашоит. Сара иаразнакы издырит Аԥсны акультура ду змоу тәылан ишыҟоу, адунеи иадырбарцгьы шрылшо", — иҳәеит иара.

Чувашиатәи арҵаҩратә университет асахьаҭыхра акафедра апрофессор, Урыстәыла асахьаҭыхыҩцәа Реидгыла алахәыла Анатоли Данилов иазгәеиҭеит апроект ԥсыхәа змам, акрызҵазкуа проектны ишыҟоу.

"Ҳара ҳақәгәыӷуеит ԥхьаҟазы Аԥсни Урыстәылеи рсахьаҭыхыҩцәа реицусура. Агәра згоит дарбанызаалак апленер алахәыла ихазы алкаақәа рацәаны ишыҟаиҵо. Ари аԥышәа аимдара адагьы акультура аимдарагьы иазкуп", — иҳәеит Данилов.

Арт-пленер ахыркәшаратә цәыргақәҵа мҩаԥысит - Sputnik Аҧсны
Арт-пленер ахыркәшаратә цәыргақәҵа мҩаԥысит

V аԥсуа пленер апрограмма акыр иҭбаауп. Асахьаҭыхыҩцәа аԥхьатәи рымш мҩаԥысуеит жьҭаара 11 рзы, Бедиа. Жьҭаара 12 рзы дара русура хдыртуеит Аҟәа, Баслатәи ацҳаҿ. Жьҭаара 13 рзы апленер аусура мҩаԥгахоит Ҷлоу ақыҭан, Баграт Шьынқәба иҩны-музеи аҿы. Жьҭаара 14 рзы дара неиуеит Лыхныҟа. Афон Ҿыц, жьҭаара 15 рзы ихыркәшахоит апленер аусура.

V арт-пленер аусура хыркәшахоит аҳасабырбатә цәыргақәҵа ала. Уахь инагахоит иреиӷьу аусумҭақәа. Ацәыргақәҵа мҩаԥгахоит Аҟәа цәыргақәҵатә зал хада аҟны жьҭаара 17 рзы.

Ажәабжьқәа зегьы
0