Агәалашәаратә монета "Аҧснытәи аҳәынҭқарратә университет – 85" ҭыжьуп

© Sputnik / Томас ТхайцукНацбанк выпустил памятную монету Апсар в честь 85-летнего юбилея АГУ
Нацбанк выпустил памятную монету Апсар в честь 85-летнего юбилея АГУ - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҧсны Аҳәынҭқарра Амилаҭтә банк Аҧснытәи аҳәынҭқарратә университет 85-тәи аиубилеи иазку агәалашәаратә монета "Аҧснытәи аҳәынҭқарратә университет – 85" аикәшараҟны ахархәаразы иҭнажьит.

АҞӘА, жьҭаара 12 — Sputnik, Бадри Есиава. Аҧсны Аҳәынҭқарра Амилаҭтә банк агәалашәаратә монета "Аҧснытәи аҳәынҭқакрратә университет – 85" аикәшараҟны ахархәаразы иҭнажьит. Абри атәы иҳәеит Аԥсны Амилаҭтә банк ахантәаҩы Беслан Бараҭелиа, ахаша, жьҭаара 11 рзы.

"Сынтәа Аҧснытәи аҳәынҭқакрратә университет 85 шықәса ахыҵуеит. Абри инадҳәаланы агәалашәаратә монета "Аҧснытәи аҳәынҭқакрратә университет – 85" Аҧсны Аҳәынҭқарра Амилаҭтә банк иҭнажьит. Абри амонета аҭыжьра аидеиа цәырҵит 2016 шықәса рзы. Амонета адизаин азы имҩаԥган аконкурс" ҳәа еиҭеиҳәоит Бараҭелиа.

Иара иажәақәа рыла аконкурс иалахәын быжьҩык асахьаҭыхыҩцәа. Агәалашәаратә монетақәа рзы аексперттә хеилак иалнакааит иреиӷьны ирыӡбаз. Аексперттә хеилак иалахәын: атәыла Ахада Иусбарҭа, Аминистрцәа Реилазаара, Акультура аминистрра, АБНИ, асахьаҭыхыҩцәа Реидгыла рхаҭарнакцәа. Аконкурс аҟны аиааира игеит асахьаҭыхыҩ Ҭимур Ҟаитан.

"Амонета ҩ-хкыкны иҭыжьуп — ихьӡырку аразныи, аразныи рыла", — иҳәоит абанк ахантәаҩы.

Амилаттә банк. - Sputnik Аҧсны
Аԥсар ҿыц "АҞӘА" ҭыжьуп

Аразынтә монетақәа ртираж 700 цыра ыҟоуп, рыхәԥса 3 500 мааҭ артәоит, ихьӡырку аразынтә монетақәа ртираж 500 цыра ыҟоуп, рыхәԥса 5 000 мааҭ артәоит.

Беслан Бараҭелиа иазгәеиҭеит аконкурс алахәра шрылшоз изҭахыз зегьы.

Адизаин автор, асахьаҭыхыҩ Ҭимур Ҟаитан иҳәеит иусумҭа игәы ишақәшәо.

Агәалашәаратә монета "Аҧснытәи аҳәынҭқакрратә университет – 85" 925-тәи ацқьара змоу араӡын иалхуп, 999-тәи ацқьара змоу хьыла иналк-аалкны ихьӡыркуп, адиаметр 39 мм, акапан 34 гр. иҟоуп,  10 аҧсарк ицоит.

Амонета ганк ала арымарахьтәи хыххьтәи ахәҭаҟны саркьаҵас ицәу аҟьаҟьараҟны амонета шаҟа ицо "10 ҧсарк" ҳәа аҧсышәала иануп, арымарахьтәи аладатәи ахәҭаҟны Аҧсны аҳәынҭқарратә герб арелиефтә сахьа. Ихыргьежьааны аҧсышәала "Аҧсны Абанк" ҳәа аҩыра ануп, ҵаҟа амонета анычаҧаз ашықәс – 2017.

Аԥсар Александр Чачба. - Sputnik Аҧсны
Аԥсар "Александр Чачба" зегь раасҭа аинтерес аман ацәыргақәҵаҟны

Егьи аган аҿы иаахыкәыршаны аҧсышәала ауниверситет ахьӡ "Аҧснытәи Аҳәынҭқарратә Университет", адевиз "Аҵареи Ааӡареи" ҩны иануп. Агәҭаны ААУ Евразиатәи ауниверситетқәа рассоциациа алазаара иасимволны иҟоу адгьыл кәымпыл асахьа ануп. Адгьыл кәымпыл ахыхь ауниверситет асахьа анҵоуп, уи аҵаҟа – адаҧ махәҭа, аҭынчра иасимволны, аладахьы – аҳәынҭқарратә бираҟ адыргақәа, аеҵәақәа быжьба. Агәҭантәи арымарахьтәи ахәҭаҟны иануп ахыҧхьаӡара – 85 шықәса, ауниверситет ашьаҭаркра аҽны инаркны иҵуа. Аҩадатәи ахәҭаҟны аҳәынҭқарратә герб асахьа ануп.

Ажәабжьқәа зегьы
0