АҞӘА, жьҭаара 19 – Sputnik, Бадри Есиава. 2017 шықәса ԥхынгәымзазы хабарда ибжьаӡыз урыстәылатәи атурист Андреи Лихачев иԥсыбаҩ ауп ҳәа агәаанагара ззыҟоу аԥсыбаҩ рбеит Аҩадатәи Кьылашәыртәи амҩа ԥшьбаҟа километра инацәхыкны. Аԥсыбаҩ ашьхарантә Аҟәаҟа илбаагоуп, агенетикатә експертиза амҩаԥгаразы. Абри атәы ҳкорреспондент изааицҳаит Аԥсны Апрокуратура хада ашьаусҭҵааратә Усбарҭа апрокурор Виачеслав Григориан.
"Аԥсыбаҩ аморг ахь инаган. Уаҟа иҭарҵаауеит ауаҩы иԥсра мчылатәызу имчылатәымзу, ааха имазу имамзу. Мышқәак рышьҭахь ишьақәыргылахоит абри ауаҩы иԥсышьа шыҟалаз атәы. Аԥсны аԥсы ихаҭара ашьақәыргылара залмыршахар, агенетикатә материал Урыстәылаҟа иҳашьҭуеит", — иҳәеит Григориан.
Апрокурор иазгәеиҭеит 2017 шықәса, аԥхынразы, Аԥсны хабарда ибжьаӡыз Андреи Лихачев иҭаацәеи дареи аимадара шрымоу. Дара иаарышьҭраны иҟоуп Лихачев имедицинатә документқәеи ицәашәҵатәқәеи асудмедекспертцәа аус адыруларазы. Григориан иазгәеиҭеит аԥсыбаҩ акыр ахыҵуеит ҳәа.
Ацәгьоура мҩаԥган ҳәа ахьышьақәыргылам инамаданы ашьаусҭҵаара макьаназ ихацыркым. Аԥсыбаҩ машәыршәа амҩасҩы дахҭыгәлеит. Уи аҭыԥ ахь шамахамзар уаҩ дықәнагалом. Амҩа иацәхыкуп. Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы аминистр Лев Кәыҵниа иажәақәа рыла аԥсыбаҩ мызқәак раԥхьа ашьхараҿ хабарда ибжьаӡыз Андреи Лихачев итәызар алшоит. Москватәи аобласт аҟны инхоз Урыстәыла атәылауаҩ Андреи Лихачиов иԥшаара акраамҭа иаҿын Аԥсны АҶА аусзуҩцәа.
"Ҳара иара дахьынхоз ақалақь Раменски аҟынтәи аинформациа ҳауит ԥхынгәы 9 рзы аҳәаа иахысыз Андреи Лихачев ихабар ыҟам ҳәа", — иҳәоит Кәыҵниа.
Аминистр иажәақәа рыла атурист гәҭакны иман ашьхатә маршрут Ԥсҳәы, Аӡеиқәа, ашьхахыҵырҭа Кулиамба, Ҵабал данысырц, нас уахьынтәи Гаграҟа дхынҳәырц.
"Аҵыхәтәантәи аицәажәара рыман иани иареи ԥхынгәы 12 рзы. Усҟан иара иҳәеит зегь бзиоуп ҳәа. Ԥхынгәы 22 рзы Шәачантәи иҩныҟа дԥырраны дыҟан", — иҳәеит аминистр.
Иара иазгәеиҭеит аинформациа шроузҵәҟьа аԥшаарақәа ишрылагаз, аха иахьа уажәраанӡагьы ишьақәыргылоу дырра шрымам Лихачев иганахь ала.