Рашь Хәытаба ихьӡ зху ақәԥаразы аицлабрақәа Гәдоуҭа имҩаԥысит

© Sputnik / Бадрак АвидзбаВольная борьба
Вольная борьба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Рашь Хәытаба ихьӡ зху XXIII Жәларбжьаратәи ақәԥаразы аицлабрақәа мҩаԥысит жьҭаара 16 инаркны 18-нӡа.

АҞӘА, жьҭаара 20 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Зхы иақәиҭу аиқәԥаразы Европеи Асовет Еидгылеи ачемпион Рашь Хәытаба ихьӡ зху XXIII Жәларбжьаратәи аицлабрақәа мҩаԥысит Гәдоуҭатәи ахәыҷтәы-қәыԥштә школ аҟны. Абри атәы Sputnik иазеиҭеиҳәеит Аԥсны зхы иақәиҭу аиқәԥаразы азыҟаҵаҩ хада Џьарназ Бениа.

"1994 шықәсазы аибашьра ашьҭахь Рашь Хәытабеи сареи Москва ҳаҟан, усҟан уи иасҳәеит ахәыҷқәа еиуеиԥшым аицлабрақәа рахь иаагоит, аха Аԥсны аибашьра ашьҭахь атурнир мҩаԥаҳамгаӡацт. Иасҳәеит адунеи аҿы зегьы дшырдыруа, иара изку атурнир амҩаԥгара ҳалагаразы идызгалеит", — азгәеиҭеит уи.

Раԥхьаӡатәи аицлабра далахәын Аԥсны раԥхьатәи Ахада Владислав Арӡынба, иҳәеит Бениа.

"Иҟаз асасцәа даара ирацәан, Владислав урҭ раԥхьа дгылан. Ари даара игәырӷьаран, избанзар ари атурнир раԥхьаӡатәиин", — азгәеиҭеит Џьарназ Бениа.

Сынтәатәи атурнир ақәԥаҩцәа рышықәсқа рыла ҩбаны еиҟәшаны иҟан – 12 инаркны 15-шықәсанӡа, нас аиҳабыратә шықәсқәа.

"Аиҳабыратә шықәсқәа рахь иаҵанакуа ҳаужьҭымҭацәа Аԥсны иалҵны иҟоу атурнир иалахәын, иаҳәап Азербаџьан, Москва, Санкт-Петербург уҳәа аҭыԥқәа рҿы инхо", — иҳәеит уи.

Зхы иақәиҭу аиқәԥараз атурнир иалахәын Аахыҵ-Уаԥстәыла, Чечниа, Краснодар, Адыгеиа, Шәача уҳәа аҭыԥқәа рҟынтәи. Уи иҳәеит иааидкыланы аԥсуа спортсменцәа ари аицлабрақәа рҿы актәи аҭыԥқәа 7 шыргаз.

"Ақәԥара иалахәу рхыԥхьаӡара маҷӡам, Гал инаркны Ԥсоунӡа асекциақәа аус руеит. Исҳәар сҭахуп иара убас, Мусса Екзеков ибзоурала иахьа 35 зыҟаҵаҩцәа зхы иақәиҭу ақәԥараҿы аҟәрышь роура аума, иаҭаху аинвентар аума адгылара ҟаиҵоит", — азгәеиҭеит Бениа.

Џьарназ Бениа иҳәеит абҵара 8 инаркны 10-нӡа ишымҩаԥысуа Мусса Екзеков ихьӡ зху зхы иақәиҭу ақәԥаразы аицлабрақәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0