АҞӘА, жьҭаара 30 — Sputnik. Аԥшатлакә "Герварт" Европа амҽханакит. Германиа, Чехиа, Польша рҟны фҩык ауааԥсыра ҭахеит ҳәа аанацҳауеит ателеканал Euronews.
Чехиа амшцәгьа иахҟьаны аҵла зықәҳаз ҩыџьа ауаа быргцәа ҭахеит. Атәылаҟны аихамҩатә еимадара ахәҭакахь ала иаанкылоуп. Прагатәи азоопарк аркуп, ақалақь Мост аҟны еилабгеит ижәытәӡатәиз ақьырсиан уахәама.
Зықьҩыла аҩнқәа рҟны афымцалашара рымамкәа иҟоуп.
Польша акәзар иҭахеит ҩыџьа ауаа автоавариа иахҟьаны. Амашьына аҵла иақәҳаз иахҟьаны дҭахеит хаҵак. Аҽаӡәгьы амҩа ианыжьлаз аҵла дасит.
Аӡиас Ельба ашьҭыҵра иахҟьеит аӡхыҵрақәа. Берлин ақалақь анапхгара аҭагылазаашьа ҷыда рыларҳәеит аҳҭнықалақь ауааԥсыра.
Афедералтә дгьыл Аладатәи Саксониаҿы дӡааҟәрылеит 63-шықәса зхыҵуаз ахаҵа.
Афедералтә дгьыл Мекленбург аҟны дҭахеит аԥҳәыс.
Аԥшатлакә иҟанаҵаз аԥхасҭа аԥхьаӡара иаҿуп Австриагьы. Зальцбургтәи аҳаир баӷәазаҿы аҳаирпланқәа рыԥырра аанкылоуп.