Арепрессиақәа ирыҵаркыз ргәаладыршәон Аҟәа

© Sputnik / Томас ТхайцукВозложение цветов к памятнику жертвам политических репресий
Возложение цветов к памятнику жертвам политических репресий - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Жьҭаара 30 рзы Аԥсны иргәаладыршәоит аполитикатә репрессиақәа ирылаӡыз. Ареспубликаҿы арепрессиақәа рызуын быжь-нызқьҩык инарзынаԥшуа Аԥсны ауааԥсыра.

АҞӘА, жьҭаара 30 – Sputnik, Амра Амҷԥҳа. Ашәахьа, жьҭаара 30 рзы Аҟәа иргәаладыршәон аполитикатә репрессиақәа ирылаӡыз ареспублика ауааԥсыра.

Абаҟа амҵаҿ ашәҭшьыҵәрақәа рышьҭаҵаразы арахь иааиит Аԥсны Ахада Рауль Ҳаџьымба, Аԥсны Ахада ихаҭыԥуаҩ Витали Габниа, Аԥсны Жәлар Реизара аиҳабы Валери Кәарҷиа, Аминистрцәа Реилазаара ахаҭарнакцәа, арепрессиақәа ирыҵаркыз рыуацәеи рҭынхацәеи.

© Sputnik / Томас ТхайцукВозложение цветов к памятнику жертвам политических репресий
Возложение цветов к памятнику жертвам политических репресий - Sputnik Аҧсны
Возложение цветов к памятнику жертвам политических репресий

Аполитикатә репрессиақәа ирыҵаркыз Аԥснытәи Рассоциациа ахантәаҩы Анатоли Ԥлиа иҳәеит арҭ аамҭақәа рзы ишырӡыз Аԥсны иреиӷьыз ауааԥсыра.

"Иҭаркуаз, иршьуаз иреиӷьӡақәаз ракәын. Арепрессиатә аамҭақәа ҳажәлар рзы реиҳа атрагедиатә ҟазшьа змоу ракәны иҟоуп. Ҳара, урҭ рхылҵшьҭрақәа, иаҳгәалаҳаршәоит абри амш азы урҭ ирхыргаз агәаҟрақәа. Дара еснагь ҳгәаҿы иҟазаауеит. Арепрессиақәа Аԥсны хықәкны ирымаз аԥсуа жәлар адунеи раныхра акәын", — иҳәоит Ԥлиа.

Иара еиҭеиҳәеит иҭаацәараҿы арепрессиақәа иаӡәымкәа иҩыџьамкәа ишрыҵаркыз. Иҟоуп ихынҳәыз, иҟоуп изыхнымҳәыз.

"Сабду 93 шықәса ихыҵуан. Нестор Лакоба дизааигәан. Уи дахдырҟьеит. сабду иашьа иԥа Быџьгәа Ԥлиагьы дҭакын. абахҭаҟны дычмазаҩхан дыԥсит ҳәа иԥсӡы ҳзаарышьҭит. Саб аа-шықәса бахҭала ихигеит. Аԥхьа Магадан дҭакын, нас – Чукотка. Абыда иҳазҳаит. Саб дхынҳәит, сабду ихабар иахьагьы иҳаздырам, анышә дахьамадоугьы еилкаам", — иҳәеит иара.

© Sputnik / Томас ТхайцукВозложение цветов к памятнику жертвам политических репресий
Возложение цветов к памятнику жертвам политических репресий - Sputnik Аҧсны
Возложение цветов к памятнику жертвам политических репресий

Иара агәра игоит згәыла, зыуа, здыр ицәгьа ҳәаны изныҟәаз аамҭак азы ихьымӡар залшом ҳәа.

Жьҭаара 30 рзы Аԥсны иргәаладыршәоит аполитикатә репрессиақәа ирылаӡыз. Ареспубликаҿы арепрессиақәа рызуын быжь-нызқьҩык инарзынаԥшуа Аԥсны ауааԥсыра.

2011 шықәса, жьҭаарамзазы Аԥсны иргылан арепрессиақәа ирылаӡыз рбаҟа: ақәыц зкәыршоу амармалташь хаҳә ду.

Ажәабжьқәа зегьы
0