Ԥлиа: ҽнак иадымхаргьы сҭаацәа ирхыргаз арыцҳара саназымхәыцуа ыҟам

© Sputnik / Томас ТхайцукВозложение цветов к памятнику жертвам политических репресий
Возложение цветов к памятнику жертвам политических репресий - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Жьҭаара 30 рзы Аԥсны иазгәарҭоит аполитикатә репрессиақәа ирылаӡыз Рымш. Аполитикатә репрессиақәа ирылаӡыз Аԥснытәи Рассоциациа ахантәаҩы Анатоли Ԥлиа Sputnik арадиостудиаҟны игәалаиршәеит арепрессиа иҭаацәа ишырхьысыз.

Sputnik, Альбина Жьиԥҳа

Ҩажәаҩык инареиҳаны ажәлақәа арепрессиақәа ирылаӡит, зегь реиҳа Лакәараа Бениааи роуп, иҳәеит Анатоли Ԥлиа иажәабжь хацыркуа. Уажә аагәа аҵарауаа Зураб Лакербаиеи, Станислав Лакобеи х-томкны иҭыҵыз рышәҟәы аҿы арепрессиақәа раан ахара здырҵаз рҭоурых ибзианы иаарԥшуп, иазгәаиҭеит иара.

Анатоли Ԥлиа Sputnik иаиҭаз арадиоинтервиу шәазыӡырҩыр ҟалоит абра>>

"Сабду 93 шықәса ихыҵуан данҭаркуаз, Асоветтә ҳәынҭқарра бзиа ибаӡом, даҿагылоуп ҳәа ахара идҵаны. Иара Нестор Лакоба дизааигәан, ақыҭан пату зқәыз дреиуан. Уи ауп дзыхдырҟьазгьы" – еиҭаиҳәоит Анатоли Ԥлиа. Ишьтәу иқәцатәу ҳәа ианеилырхуаз "унеишь уааишь" ҳәа ирыԥхьаӡоз ракәын иқәыргоз. Зхы аус ауаз, лшарак зманы иҟаз ззырхдырҟьоз рыздыруамызт. Иаанхаз даҽакала ирызныҟәон, урҭ рзы даҽа гәҭакқәак рыман.

Анатоли Ԥлиа иабду ддырӡит. Иабду иашьа иҷкәын Быџьгәа Ԥлиа — дҭакын, иҭаацәа нас ашәҟәы ироуыз аҟны- игәы аанкылан дыԥсит ҳәа анын. Иаб иакәзар — дҭакын аа-шықәса. Аколхозқәа неиҿыркаауаз аамҭа акәын, Очамчыра аус иуан, уск дахырҟьаны дахыргеит. Зны Магадан дыҟан, нас Чукотка дрышьҭит.

Иабду иашьеиҳабы имоҭа Алеша ихьӡын, жәаа шықәса шыхыҵуаз ддырбандаҩит, иан лыжәла дахырҟьаны, лара д-Лакәарԥҳан. Абасала, рҭацәараҿы аӡәык ҩыџьак ракәым арыцҳара иақәшәаз. 

Память жертв политических репрессий почтили в Сухуме - Sputnik Аҧсны
Аҟәа иргәаладыршәоит аполитикатә репрессиақәа ирылаӡыз

"Ҳара ҳаб ида иҳазҳауан Гәдоуҭа, ҳан Маршьанԥҳа лыҩнаҭаҿы. Анцәа иџьшьаны сабгьы иқәыз зегьы ихганы, деиқәханы дгьежьит. Ҳабду иашьеиҳабы имоҭа Алешагьы иԥсы ҭаны аҩныҟа дааит. Быџьгәа дҭахеит, ҳабдугьы иахьа уажәраанӡа дахьыҟоу ҳаздыруам", — еиҭаиҳәоит Ԥлиа. Сабду ицәгьа ҳәаны ауп дышҭаркыз, ак ҟаиҵазшәа. Даҳгәылан дызҭииз, ижәлагьы здыруеит. Ус еиԥш лассы-лассы иҟалалон, иара иахьагьы ианаҳԥыло ыҟоуп. Ацәгьа зуз знымзар зны ацәгьа данымиар ауӡом. Иагьа аамҭа царгьы уи ихьӡоит, аԥсҭазаара уи снарбахьеит".

Аполитикатә репрессиақәа ирылаӡыз Аԥснытәи Рассоциациа ахантәаҩы игәаанагарала Сталин ихаан иҟаз арепрессиақәа ирыҵыркыз ажәларқәа рацәоуп, аԥсуаа ракәзар шьаҭанкыла рықәхра ргәы иҭан.

"Иалагеит кыр еилызкаауаз ауаа рыла, нас иаанхаз иақырҭцәаны иҟарҵарц ргәы иҭан ҳәа ацәажәарақәа ыҟан", — иҳәоит Ԥлиа.

Иара игәалаиршәоит иаб ахара зду ҳәа дыԥхьаӡаны аҭакра ахьихыигаз, анаҩс рыԥсҭазаараҿы анырра шыҟанаҵаз.

"Норильсҟа нхара ҳәа ҳаисит, аԥхарра аҟнытә — 40 —60 градус ахьҭа ахьыҟаз анхара ус имариамызт. Саб аԥсуа газеҭ убра инеиртә иҟаиҵеит, аԥсышәала дҳацәажәон. Нас, ахара аниқәырх ауп, Аԥсныҟа данаа", — иажәабжь аахиркәшеит Анатоли Ԥлиа.

Аполитикатә репрессиақәа ирылаӡыз Аԥснытәи Рассоциациа ахантәаҩы иҳәоит уахыки ҽнаки иҭаацәа рҭоурых даназымхәыцуа шыҟам. Аԥсуаа усҟан ирхыргаз ашьҭахь аӷьараҳәа инхозар ауп, аԥсҭазаара бзиа рықәнагоуп ҳәа, иазгәаиҭеит иара.

Аԥснытәи Ассоциациа адыррақәа рыла ХХ ашәышықәса 30-40-тәи ашықәсқәа рзы Аԥсны ахара рыдҵан иҭархан быжьнызқьҩык рҟынӡа ауаа.

Ажәабжьқәа зегьы
0