Ҟәалы, Чараз, Лабарԥа: абазақәа рмилаҭтә хәмаррақәа еиқәхоуп

© Фото : предоставлено Адгуром ГунбаТрадиционная абхазская игра "Ахтарпа-хәмарра".
Традиционная абхазская игра Ахтарпа-хәмарра. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
"Аԥсуа-базақәа рмилаҭтә хәмаррақәа" апроект аҳәаақәа ирҭагӡаны, мчыбжьык аԥхьа Ҟарачы-Черкеск имҩапган аекспедициа. Уи алҵшәақәа ртәы Sputnik арадиостудиаҟны еиҭаиҳәеит апроект автор ажурналист Адгәыр Гәынба.

Sputnik, Альбина Жьиԥҳа

"Абазақәеи аԥсуааи: абызшәақәеи аҭоурыхтә культуратә ҭынхеи реиқәырхареи рырҿиареи" захьӡу апрограмма аҳәаақәа ирҭагӡаны иалыршахеит сынтәа Ҟарачы-Черкесск ацара иҳәеит ажурналиcт, "Аԥсуа-базақәа рмилаҭтә хәмаррақәа" апроект автор Адгәыр Гәынба.

Адырраҭара Аспорт адунеи амҩаԥгаҩ, ажурналист Адгәыр Гәынба - Sputnik Аҧсны
Адгәыр Гәынба: иҭыуҵааша аԥсуа жәлар рыхәмаррақәа акырӡа ирацәоуп

"Абаза қыҭақәа, Ельгәырҳани Ҟәажә дуи ҳәа иахьашьҭоу рҿы зықәрахь инеихьо ауаа, ажәлар рыбзазара иаҳа ибзианы издыруа, абызшәа бзиан издыруа, насгьы дара иаԥырҵаз ахәмаррақәа згәалашәо, зхаан ихәмаруаз, ауаа рҟынӡа снаӡеит", — еиҭаиҳәоит ажурналист.

"Абазақәа рмилаҭтә хәмаррақәа гәалашәарак аҳасабала еиқәханы иҟоуп, ҳара ҳҿы еиԥш ахәмаррақәа мҩаԥырго иҟам", азгәаиҭеит иара.

Адгәыр Гәынба иҳәеит ианҵаз ахәмаррақәа зегьы авидеонҵамҭахь ишиагахо, ауаҩы ахәмаррақәа анибалак игәынкыланы анаҩс аԥсҭазаараҿы ихы иаирхәап ҳәа агәыӷра имоуп.

"Инагӡаны жәеиза хәмарра рҟынӡа анҵоуп, егьырҭ еиҭа аҭҵаара рҭахуп, ихарҭаатәуп. Еиқәханы, еиҳа иргәалашәо иреиуоп Ҟәалы. Ауаса аҟәартәра абҩала ихәмаруан, ахьшьцәа иаԥырҵаз ауп. Чараз ҳәа иҟоуп, Қьынқьара, Қьым, Лабарԥа, Ҟәзана — лыхәҭа, Бацарыԥа, Ҳаҷана, Ҽыҩқәтәа, Ҵымпыр ҳәа иҟоуп, Гәҭагыла, абарҭ ахәмаррақәа анҵоуп", — иҳәеит Адгәыр Гәынба.

Адырраҭара Аспорт адунеи амҩаԥгаҩ, ажурналист Адгур Гунба - Sputnik Аҧсны
Арадио
Гәынба: аԥсуа хәмаррақәа рԥырӷы жжаӡа иҟалар ауп иаҳтахыу, ҳзышьҭоу иароуп

"Аԥсуа-базақәа рмилаҭтә хәмаррақәа" апроект автор игәы иҭоуп ахәмаррақәа ԥыҭк Черкесск аҭыхра

"Уажәы аӡын ҳахьӡеит аҭыхрақәа рҿы хәыҷык ауадаҩрақәа цәырҵыр ҳәа сшәоит. Уа ҳанаҟаз иҭаҳхыр ахьҳалшо аҭыԥқәагьы ҳрыхәаԥшуан, адәқәа, ахәқәа, ианаалоит цәгьала", — инаҵишьит Гәынба.

Адгәыр игәы иҭоуп уаанза апроект аҳәаақәа ирҭагӡаны иҭыхаз адырраҭарақәа реиԥш акәымкәа, еиҳа инарҭбааны, ахәамаррақәа рҭоурых, анализ азуны аиқәыршәара.

"Аԥсуаа ҳахәмаррақәагьы макьана иҭҵаам рацәоуп. Агәҭакқәа сымоуп ҳмилаҭтә хәмаррақәа рганахь ала. Урҭ иҳәаақәызҵо, ажәлар ирылазырҵәо ак ыҟазароуп. Афедерациа аԥҵара сылшар, анаҩс иҳәаақәызҵогьы ҟаларын, нас аицлабрақәагьы рымҩаԥгара алыршахарын. Азыҟаҵаҩцәагьы ҟалар, ашколқәа рҿы абҩарҵәыра арҵаҩцәа рыбзоурала ахәыҷқәа ирҵарын", — игәҭакқәа ртәы дазааҭгылауа иҳәеит Адгәыр Гәынба.

Адунеиаҿ иҟоу аиҭакрақәа ирыхҟьаны ажәытә хәмаррақәа еиқәымхеит, аха дара, даара аинтерес рыҵоуп, ахәыцра, алкаа ҟаҵара, уҳәа ирацәоуп иудырҵо иазгәаиҭоит Гәынба.

"Акомпиутертә хәмаррақәа ирыԥсахит адәтәи, маха-шьахалатәи ахәмаррақәа. Хықәкыс иҳамоуп ахәыҷкәа авиртуалтә хәмаррақәа рҟынтә адәахьы рдәылгара, рыбаҩ арҵәра, уи ргәабзеиарзы ихәарҭоуп, рыԥсҭазаараҿы ирыхәоит. Аспортә хәмаррақәа рацәоуп, акарате, ашьапылампыл, аха амилаҭтә хәмаррақәагьы ыҟазароуп", — иҳәеит ажурналист Адгәыр Гәынба.

Ажәабжьқәа зегьы
0