Ҳаџьымба: иқәгоу аргыларақәа рцынхәрашәара аҳәынҭқарра иҟанаҵом

© Sputnik / Томас ТхайцукРауль Хаджимба
Рауль Хаджимба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Ахада Рауль Ҳаџьымба аԥшьаша, абҵара 9 рзы ареспубликаҿ закәаншьаҭада имҩаԥысуа аргыларақәа ирызкны абрифинг мҩаԥигеит.

АҞӘА, абҵара 10– Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Пицундатәи аҳәырԥсарраҟны иқәыргаз закәаншьаҭадатәи аргылара ацынхәрашәара аҳәынҭқарра имҩаԥнагараны иҟам иҳәеит абрифинг аҟны Рауль Ҳаџьымба.

"Атәыла анапхгара иалшоз ҟанаҵон асеиԥш ҟамларцаз. Иқәыргаз аргыларақәа рцынхәра аԥарашәара аҳәынҭқарра имҩаԥнагом. Ҳара ахархәара ззаауз аусурақәа мҩаԥызгоз рџьабаашәара акәзар, аргыларақәа зтәыз аԥхьаӡаратә шәҟәқәа рзынаҳашьҭуеит. Урҭ аҳәынҭқарра иазыршәароуп иахәҭоу аԥара", — иҳәеит иара.

Рауль Ҳаџьымба иазгәеиҭеит аҳәырԥсарраҟны иқәгаз аргылара ақәгашьа убасеиԥш еиҿкаан, изтәу аргыларатә маҭәахәқәа еиҭахгьы ахархәара рзыруртә еиԥш ҳәа.

Атәыла Ахада игәаанагарала Пицунда иҟалаз аҭагылазаашьа егьырҭгьы азхәыцыртә еиԥш иҟалеит.

Ҳаџьымба иҳәеит ареликттә парк иахьаҵанакуа дарбанызаалакгьы аӡәгьы азин имамзароуп хаԥышәала ииҭаху иргылартә еиԥш.

Снос незаконной постройки в Пицунде - Sputnik Аҧсны
Пицунда-Мысратәи аҳәырԥсарраҿы иқәыргоит закәаншьаҭада иргылоу ахыбрақәа

"Ҳара ҳаззеибашьуаз, ҳаҷкәынцәа зҭахаз дасу ихы иҭашәо ҟаиҵаларц акәӡам. Ахаԥышәарагьы аамҭак амоуп. Иаанкылатәуп", — иҳәеит Рауль Ҳаџьымба.

Иара иргәалаиршәеит аӡбарҭа аӡбрала егьырҭ аргыламҭақәагьы шықәгахо.

Рауль Ҳаџьымба 2017 шықәса мшаԥымзазы Пицунда-Мысратәи аҳәырԥсарра аҵакыраҿы ззин ыҟамкәа изҿыз аргыларақәа дырҭааны ибеит. Уи ашьҭахь иара имҩаԥигеит анҭыҵтәи аилацәажәара, адҵагьы ҟаиҵеит изакәанымкәа идыргылаз ахыбрақәа зегьы шьаҭанкыла иқәыргаразы.

Ажәабжьқәа зегьы
0