Аҳәынҭқарратә Дума аҳәаанырцәтәи агентцәа рзы ашә аркхоит

© Sputnik / Наталья Селиверстова / Амедиаҵәахырҭахь аиасраГосдума РФ
Госдума РФ - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Владимир Путин уаанӡа инапы аҵеиҩхьан АИХ рзы аҳәаанырцәтәи агент истатус азы азакәан. Азакәан атекст инақәыршәаны аҳәаанырцәтәи агентцәа ҳәа ирыԥхьаӡоит аҳәаанырцәтәи аҳәынҭқаррақәа мамзаргьы аиҿкаарақәа рҟынтәи афинанстә цхыраара зауа АИХ.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 6— Sputnik. Аиустициа аминистрра аҳәаанырцәтәи агентцәа ҳәа иаԥхьаӡаз америкатәи АИХ-қәа Аҳәынҭқарратә Думахь рнеира аанкылахоит. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости. Ақәҵара апроект азнархиеит ахылаԥшреи арегламенти рзы Аҳәынҭқарратә Дума аилак.

Аҳәаанырцәтәи агентцәа ҳәа ирыԥхьаӡоит аҳәаанырцәтәи аҳәынҭқаррақәа мамзаргьы аиҿкаарақәа рҟынтәи афинанстә цхыраара зауа АИХ.

Телевизионные камеры - Sputnik Аҧсны
АИХ жәба аҳәаанырцәтәи агентцәа рсиа иаҵадыркит

Уи адагьы ақәҵараҟны иарбоуп аԥҟара, Аҳәынҭқарратә Дума арегионқәа рҿтәи азакәанԥҵаратә еизарақәагьы абасеиԥш иҟоу аӡбрақәа рыдыркыларц азы ажәадгала.

Урыстәыла аҳәаанырцәтәи агентцәа ҳәа зсиа шьақәдыргылаз АИХ рахь иаҵанакуеит "Голос Америки", "Радио Свобода", Ателеканал "Настоящее Время" ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.

Иара убасгьы ареестр ианшәалеит "Idel.Реалии", "Кавказ.Реалии", "Крым.Реалии", Татаро-башкиртәи Радио Свобода амаҵзура (Azatliq Radiosi), Арадио "Свободная Европа/Радио Свобода" (PCE/PC), "Сибирь.Реалии", "Фактограф".

Ииасыз амчыбжь азы Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Владимир Путин уаанӡа инапы аҵеиҩхьан АИХ рзы аҳәаанырцәтәи агент истатус азы азакәан. Азакәан атекст инақәыршәаны аҳәаанырцәтәи агентцәа ҳәа ирыԥхьаӡоит аҳәаанырцәтәи аҳәынҭқаррақәа мамзаргьы аиҿкаарақәа рҟынтәи афинанстә цхыраара зауа АИХ.

АИХ рзы аҳәаанырцәтәи агент истатус азы азакәан ахәҭаҷ 6 аԥсахрақәа алагалахеит Америка Урыстәылатәи амассатә информациа ахаҭарнакрақәа ахькыдырцало иахҟьаны, хаҭала RT America ҳәаанырцәтәи агентуп ҳәа иахьыршьаз азы.

Ажәабжьқәа зегьы
0