Лондон атеракт аԥырҟәҟәаауп

© Sputnik / Алекс Макнотон / Амедиаҵәахырҭахь аиасраГорода мира. Лондон
Города мира. Лондон - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
MI5 ахада Аминистрцәа реилазаара адырра риҭеит аҩашаҽны иаԥырҟәҟәааз атеракт аганахь ала.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 6— Sputnik. Британиа Ду азинхьчаратә органқәа иаԥдырҟәҟәааит атәыла Аԥыза-министр Тереза Меи лышьразы аҽазышәара. Абри азы аҳәамҭа ҟаиҵеит Британиатәи аконтрԥшыхәра MI5 ахада Ендриу Паркер ҳәа аанацҳауеит РИА Новости, агазеҭ Independent адыррақәа ҵаҵӷәыс иҟаҵаны.

Аҭыжьымҭа адыррақәа рыла ацәгьоура рыгәҭакуп ҳәа агәаанагара зызрымаз ааныркылеит Лондони Бирмингеми ииасыз амчыбжь азы. Адыррақәа рыла ацәгьоура рыгәҭакын аисламистцәа ҩыџьа. Дара иазыԥхьагәарҭон Аԥыза-министр лрезиденциа аԥхьа абомба аԥжәареи ҳәызбаҭыхра лара лықәлареи.

MI5 ахада Аминистрцәа реилазаара адырра риҭеит аҩашаҽны иаԥырҟәҟәааз атеракт аганахь ала. Иара убасгьы иҳәеит аҵыхәтәантәи ашықәс аҩныҵҟа ашәарҭадаратә маҵзурақәа ишаԥдырҟәҟәаахьоу атерактқәа жәба атәыла аҵакыраҿы.

Скотланд-Иард адыррақәа рыла иаанкылоуп ҩыџьа: 20-шықәса зхыҵуа Нааимур Закариа Рахмани (Naa"imur Zakariyah Rahman) 21-шықәса зхыҵуа Мохаммед Акиба Имрани (Mohammed Aqib Imran).

Independent ишаҩуа ала аполициа ахаҭарнак мап ацәикит иаанкылоу Меи лықәлара аплан иалахәу иалахәыму ашьақәырӷәӷәара. Ус шакәугьы арҭ аҩыџьа ахашаҽны, Вестминстер аҟны аӡбаҩцәа рҿаԥхьаҟа инагахоит русӡбаразы.

Ажәабжьқәа зегьы
0