Асовет ҳәынҭқарра ахаан, ақырҭуа политика аԥсуа топонимқәа анархәашьуаз, аԥсуаа уи иаҿагыланы ашәҟәқәа рыҩуан Москваҟа, ҳҭыԥхьыӡқәа еиларгоит ҳәа. Уажәы аибашьра анеилга, ҳаззеибашьуаз ҳҳашҭызшәа ҳанааҟала, ҳадәқьанқәеи, ҳкаҳуажәырҭақәеи уҳәа ҳаԥсабара иацәтәыму, атәым культура иахаҿырбагоу ахьӡқәа раҳҭо ҳалагеит.
Ари атемала акырынтә акьыԥхь аҿы сықәгылахьан, аха аҳәынҭқарра аҟынтәи макьана дгылара дук, хылаԥшра дук амам, аӡыргаразы азакәан аҿы, аҩырақәа ԥсышәала икыдзароуп ҳәа шанугьы.
Уажәы Аҟәа иреиӷьу аҭыԥ, асасааирҭа "Риҵа" аҿаԥхьа аколлонадақәа рнаҩс амшын аԥшаҳәаҿыҵәҟьа игыло акаҳуажәырҭа ахьӡ инамаданы аҭыӡшәа ҿиеит. Аибашьра ашьҭахь, зхы иахәаз зегьы ахыбрақәа рнапаҿы иааргеит, абизнес аҟаҵашьагьы рдыруеит, аха рнапы злакыу ақьафурҭақәеи акаҳуажәырҭақәеи ахьӡқәа рыҭараҿы рыхдырра ахьысҳара аныԥшуеит ҳамҳәозар.
Уажәы ҳазлацәажәо акаҳуажәырҭа асовет аамҭазы аԥсуа интеллигенциа зегьы бзиа еицырбоз ҭыԥын, уаҟа акаҳуа зыршуаз Акоп ихьӡын. Аиашазы, Акоп еиԥш гьамала акаҳуа зыршуаз дыҟамызт. "Акоп иахь каҳуажәра ҳцоит" рҳәон аҭыԥантәи ауааԥсыра, мамзаргьы "Акоп икаҳуажәырҭахь" еибырҳәон уа аиқәшәаразы еицәажәоз. Абас шазырҳәозгьы уи акаҳуажәырҭа, уи ахыбра хәыҷ аҿы ҩырак кыдны, хьӡык официалла иаманы иҟамызт.
Аибашьра ашьҭахь Акоп идунеи аниԥсах иара еиԥш гьамала акаҳуа зыршуаз даныҟамла, уа акаҳуажәырҭа шынхазгьы, анкьатәиқәа ракәымзар "Акоп иахь ҳцоит" зҳәоз маҷхеит.
Изџьашьатәузеи, ҳаԥсҭазаарагьы "брехниахеит", шыкьырҭахеит, убри аҟынтә уи акаҳуажәырҭа акәша-мыкәша еизо аполитика инаркны, иаҳбац ауҳәансҳәангьы налаҵаны жәабжьс ицәыррымго акгьы ыҟам. Дыҟам Акоп, имаҷхеит уи хьӡ згәалашәогьы.
Асовет аамҭазы Брехаловка ҳәа иахьашьҭаз асасааирҭа "Абхазиа" авараҿы иҟаз ахашфаҩцәеи акаҳуажәцәеи ахьеизоз, ауаткажәреи, амацасреи инхәыҵакны иахьымҩаԥсыуаз аҭыԥ акәын. Аибашьра ашьҭахь, уи афилософиа арахь ақалақь агәахьы ииасит "ибрехниахеит" Акоп акаҳуа хазына ахьиршуаз аҭыԥгьы.
Азанааҭ еидгыла аусзуҩ Гәырам Базба аремонт ашьҭахь ари акаҳуажәырҭаҿы иҟьаҟьаӡа "Брехаловка" ҳәа кыдны ианиба ашьҭахь изымбатәбарахан уи амхразы аҟәаа рнапынҵақәа реизгара далагеит. Базба акыр шықәса Ҷанба ихьӡ зху аԥсуа театраҿ администраторс аус иуан, ибзиангьы еиликаауеит ари аҩыза ахьӡ, Владимир Путин инеиркны ҳасасцәа дахьқәа ахьымҩахаҳго "брехниа" ахьӡуҵар шиашам.
Асоциалтә даҟьақәа рхархәаҩцәа ргәаанагарақәа рҽеиҩыршеит, аха ҳара иҳамоуп аӡыргаразы азакәан, уаҟа иаҳәоит, ахыбрақәа рҿы икыду аҩырақәа ԥсышәала идуны, нас урысшәала, ма англыз бызшәала ирмаҷны ишанҵатәу.
"Брехаловка" иадгыло сразҵаар сҭахын, ишԥашәыҩуеи абри ажәа аԥсышәала? Иаанагоузеи иара аԥсуа ихдырраҿы? "Аӡә иԥҳәыс Кьацә" ҳәа леиҳәан, егьырҭгьы ус ларҳәо иалагеит рҳәоит аԥсуаа.
Ари аҭыԥ ахь инеиуа ауаа, ирхәыцуа ахьыӡқәа зегьы ҳара ҳтопонимика маҷ иаднакылома? Избан, изалымшо, аԥсуа цәа зыҟәну ахьӡ аҭара, иаҳԥырхагада уи азы? Абри азҵаатәы аҿы, атәыла анапхгара азҭо азакәан инақәыршәаны иҟалартә иазхәыцыр бзиан, "ухылԥа ыршәны ирылоужьыр" иахьуа ҳмыхьырц азы.
Автори аредакциеи ргәаанагарақәа еиқәымшәар ҟалоит.