Гагратәи астудентцәа Аҟәатәи абыргцәеи-аинвалидцәеи рыҩны иаҭааит

© Sputnik / Илона ХварцкияВолонтеры Сухума поздравили подопечных дома престарелых. Фото с места события.
Волонтеры Сухума поздравили подопечных дома престарелых. Фото с места события. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Гагратәи астудентцәа, Аҟәатәи абыргцәеи-аинвалидцәеи рыҩны-интернат, агәыҳалалратә цхыраара азаадырԥшит.

ГАГРА, ԥхынҷкәын 8 — Sputnik, Саида Жьиԥҳа. Борис Кьехьыриԥа ихьӡ зху, Гагратәи агуманитартә-ааглыхратә техникум астудентцәа гәыԥҩык, рырҵаҩы Диана Ашкацао лаԥшьгарала, Аҟәатәи абыргцәеи-аинвалидцәеи рыҩны-интернат агәыҳалалратә цхыраара рыманы иаҭааит.

Администрация Гагры. - Sputnik Аҧсны
Гаграа ашықәс ҿыц рҽаздырхиоит

Аҿар рхатә харџьла иаархәеит афатәи, абзазаратә химиа аалыҵқәеи.

"Ҳара зегьы андуцәеи абдуцәеи ҳамоуп. Убри аҟнытә ибзианы иаадыруеит, зықәра неихьоу ауаҩы игәы шыԥшқахо. Зыхшареи змоҭацәеи зааигәа иҟам абыргцәа, мамзаргьы измами, иааҳарԥшыз акциала идҳардырарц ҳҭаххеит, еснагь ҳганахь ала ацхыраареи авагылареи иақәгәыӷырц шрылшо", — ҳәа азгәалҭеит Диана Ашкацао.

Астудентцәа абыргцәа ианрыҿцәажәоз рылаӷырӡ рзынкыломызт.

Иахьа зылшарақәа кәадоу, зышқәсқәа ԥхьаӡоу абыргцәа ргәы зырлахҿыхуа маҷхеит. Аха, абас еиԥш лассы-лассы асасцәа рызнеилар, издыруада, маҷк рыԥсҭазаара иацларгьы.

"Ҳара аҵыхәанӡа иҳазхаҵомызт, Аԥсны абыргцәеи-аинвалидцәеи рыҩны-интернат ыҟоуп ҳәа. Аха ҳала иабаз, акырӡа ҳгәы ҳнархьеит. Убри аҟнытә, ҳҩызцәеи, ҳақәлацәеи рахь ҳхы нарханы аҳәара ҟаҳҵоит аиҳабацәа ишахәҭоу еиԥш пату рықәырҵаларц. Убри инаваргыланы, иҭабуп ҳәа лаҳҳәоит Аҟәатәи абыргцәеи-аинвалидцәеи рыҩны интернат аиҳабы Анна Кәарҷиа рганахь иаалырԥшо арыцҳашьареи, ацхыраареи рзы", — рҳәеит астудентцәа.

Абыргцәеи-аинвалидцәеи рыҩны-интернат аҟны иахьа нхарҭа ҭыԥс ирымоуп 50-ҩык ауааԥсыра. Дара реиҳараҩык ахшара дызмам, мамзаргьы хара иҟоу, иара убас зфинанстә ҭагылазаашьа кәадоуи роуп.

Агәыҳалалра аазырԥшыз аҿар, абыргцәеи-аинвалидцәеи рыҩны-интернат аиҳабы Анна Кәарҷиа аџьшьара рылҭеит. Ирзеиӷьалшьеит иахьа ргәы шыцқьоу, ақьиара шрылоу еиԥш рыԥсҭазаара убас имҩасырц.

Ажәабжьқәа зегьы
0