Аҟәа иӡырган Алеқсандр Чачба иусумҭақәа

© Sputnik / Томас ТхайцукВыставка работ Александра Чачба-Ширвашидзе
Выставка работ Александра Чачба-Ширвашидзе - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны ауааԥсыра раԥхьаӡа акәны ироуит алшара раԥхьатәи апрофесионалтә сахьаҭыхҩы, аҳ, Алеқсандр Шервашиӡе-Чачба иусумҭақәа рбара. Ацәыргақәҵа адҳәалан асахьаҭыхҩы 150 шықәса ихыҵра.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 14 – Sputnik, Анжелика Бениаԥҳа. Аҳәынҭқарратә амилаҭтә ҵәахырҭа афонд аҟнытә Алеқсандр Чачба иусумҭақәа рцәыргақәҵа аатит Аҟәа, ԥхынҷкәын 13, Аԥсны асахьаҭыхыҩцәа рцәыргақәҵатә зал аҿы.

Аԥсны раԥхьаӡа акәноуп ас еиԥш зымҽхак ҭбаау Алеқсандр Чачба иусумҭақәа рцәыргақәҵа мҩаԥгоижьҭеи, азгәалҭеит атәыла акультуреи аҭорух-культуратә ҭынха ахьчареи рминистр Ельвира Арсалиаԥҳа.

Эльвира Арсалия - Sputnik Аҧсны
Арадио
Арсалиаԥҳа: Алеқсандр Чачба иусумҭақәа рцәыргақәҵа адунеи акультуразы хҭысуп

"Ҳгәы иҭан хаҭалатәи аколлекциақәеи амузеиқәеи рҿы иҟоу аусумҭақәа зегьы Аԥсны реизгара, аха уи залмыршахеит. Агәыӷра ҳамоуп аусумҭақәа иаарласны иҿыцу, Шервашиӡе изал аҿы, еизгахап ҳәа. Усҟан дара еснагь ицәыргақәҵахалоит. Амеценатцәа ракәзар, асахьаҭыхҩы иусумҭақәа аахәаны афонд хаадырҭәаартә еиԥш алшара ҟалап ҳәа", — азгәалҭеит Арсалиаԥҳа.

Аҵәыргақәҵа аартра иалахәын Андреи Шервашиӡе, Алеқсандр Чачба имоҭа – Демосфен Заицеви, уи иԥҳа Татиана Заицеви.

Татиана Заицева еизаз зегьы иҭабуп ҳәа ралҳәеит Чачба ихьӡи уи игәалашәареи Аԥсны акультураҿы ихадоу хәҭаны иахьаанхо.

"Ас еиԥш ацәыргақәҵа ҟамлар алшон санду – Биана Алеқсандр –иԥҳа Шервашиӡе — лакәмызҭгьы. Сара исҭахуп ари амш лара лгәашәара иахәҭакзарц. Алеқсандр Чачба иԥҳа, иара асахьаҭыхҩы игәҭыхақәа ицеиҩылшон, лара илыллыршеит иархив арахь аагара, иахьа абра иҳамоу. Лара лоуп ихьӡ зегьы ирдырыртә еиԥш аҟаҵара зыбзоурахаз", — лҳәеит Татиана Заицева.

Иахьа Аԥсны Аҳәынҭқарратә аҵәахырҭатә галереиа афонд аҿы иҟоуп асахьаҭыхҩы 220 усумаҭа. Уи аиҳабы, Сурам Сақаниа, иажәақәа рыла ацәыргақәҵаҿы Алеқсандр Констонтин-иԥа иусумҭақәа зегьы ӡыргам. Иҟоуп зҭагылазаашьа уашәшәыроугьы, нациҵеит Сақаниа.

Возложение цветов к мемориалу Александра Чачба -Шервашидзе - Sputnik Аҧсны
Асахьаҭыхыҩ Алеқсандр Шервашиӡе-Чачба диижьҭеи 150 шықәса ҵит

"Хәы змаӡам аусумҭақәа, иҿаасҭоу аҭагылазаашьақәа рҿы иҟоуп. Уи хьаа дууп ҳа ҳзы. Иахьыҵәаху аҭыԥ аҿы аус ҳуеит. Уи ҟалашьа змам ауп, аха уаҳа ҳхы ахьаҳгара ҳыздырым", — иҳәеит Сақаниа.

"Абаҳчаҿы", "Автопортреҭ", "Мадмуазель Биссон лпотреҭ" — Чачба инапы иҵихыз аусумҭақәа хәы змаӡам ҳәа иԥхьаӡоуп, дара ианраамҭаз адунеиҿ ахәшьара бзиа роуит. Сурам Сақаниа ацәыргақәҵа аҭааҩцәа рахь аҳәара ҟаиҵеит усумҭацыԥхьаӡа иааҭгылан, ибзиан, иҭырҵаарц. Ацәыргақәҵа аус ауеит хәымш, ԥхынҷкәын 18- нӡа. Еилкаам, анаҩс ҽазны, лабҿаба арҭ аусумҭақәа абара аналыршахо, нациҵеит Сақаниа.

"Аусумҭақәа ирнаало аҳауа аҟынтә даҽаџьара ианииагахо, аԥхасҭахара иалагоит. Рыԥсы ҭами. Ацәыргақәаҵа дара рзы уадаҩроуп. Ҭыԥкәак рҿы иҩеижьхаз ақьаад уи дыршаҳаҭуеит", — иҟоу ауадаҩра дирдыруа иҳәеит амилаҭтә галериа аиҳабы.

Иара иқәгылара хыркәшауа ииазгәаиҭеит агалереиа ҿыц Алеқсандр Чачба ихьӡ ахызарц.

Ацәыргақәҵаҿы аԥсуа ҵарауаҩ, Игор Ҵнариа, агитара арҳәауа инаигӡеит Георги Чачба-Шервашиӡе иажәеинраалара "Уарада" иалху ашәа.

Встреча президента с семьей Александра Шервашидзе-Чачба - Sputnik Аҧсны
Рауль Ҳаџьымба Алеқсандр Шервашиӡе-Чачба иҭахцәа дырԥылеит

Алеқсандр Констонтин-иԥа Чачба- Шервашиӡе — раԥхьатәи аԥсуа профессионалтә сахьаҭыхыҩ, аграфик, асценограф, аҟазараҭҵааҩ, акритик.

1918-1920 шықәсқәа рзы дынхон Аҟәа. Иара ибзоураны усҟан еиҿкаан асахьаҭыхратә студиа, атеатралтә уаажәларра.

1920 шықәсазы Сергеи Диагелев иааԥхьарала Лондонҟа дцеит, анаҩс Парижҟа. Уаҟа аус иуан.

Алеқсандр Шервашиӡе-Чачба иԥсҭазаара далҵит нанҳәа 17 1968 шықәса рзы, Париж. 1985 шықәса рзы иара иԥсыбыҩ ааган Аҟәаҟа, анышә дамадан амилаҭтә музеи азааигәара. Алеқсандр Чачба ихьӡ ахуп Аҟәатәи асахьаҭыхратә ҵараиурҭа, иара убас аҳҭнықалақь амаҩадуқәа руак.

Ажәабжьқәа зегьы
0